Items filtered by date: Ахәаша, 05 Нанҳәа 2022
Аҟәа. Нанҳәамза 5, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Максим Епифановски «COVID-19 аҿагыларазы» агәабзиарахьчара Аминистрра амедал ианеишьеит. Максим Епифановски акоронавирустә ҿкы чымазара апандемиа аан Аԥсны Аминистрра агәабзиарахьчара Аминистрра амедицинатә ҵыҵәри аагара, аҵыҵәритә станциақәеи арезервуарқәеи ареспублика ахәышәтәырҭақәа рҿы рышьақәыргылар аҿы ацхыраара ҟаиҵон.
Аҟәа. Нанҳәамза 5, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба Урыстәыла атуризм аминистр ихаҭыԥуаҩ Елена Лысенкова дылԥылеит.
Ҭеимураз Хышбеи Елена Лысенковеи Аԥсны атуризм аҿиара аперспективақәа ирылацәажәеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 5, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аполитикатә партиа «Аиҭаира» еицырдыруа аԥсуа сахьаҭыхҩы, аскульптор, ҳаҳҭнықалақь, Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы игылоу Аиааира амонумент автор, Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа адиректор Амиран Адлеиба 70 - шықәса ихыҵра инамаданы идныҳәалеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 5, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Амиран Адлеиба "Аԥсны Жәлар рсахьаҭыхҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ианашьара азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.