АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 20:20

Москва, Урыстәылатәи агазеҭ «Комсомольская правда» аредакциаҿы «Аԥснымедиеи» аҭыжьырҭатә ҩны «Комсомольская правдеи» аинырразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит

«Аԥснымедиа» адиректор хада Роберт Џьопуеи «Комсомольская правда» адиректор хада, аредактор хада Олесиа Носовеи реиԥылараан ирылацәажәеит еиуеиԥшымыз азҵаарақәа, урҭ иреиуоуп агазеҭқәа аԥхьаҩцәа рзы рылаԥш адхалартә ишыҟаҵатәу, ҳаамҭазтәи акьыԥхьтә ҭыжьымҭақәа рдизаин зеиԥшрахаша, аинтернет аҳра анауа аамҭазы амедиатә ҵакыраҿы аԥхьаҩ изы ақәԥара шымҩаԥгатәу уҳәа убас егьырҭгьы. Рнапы аҵарҩит аинырра азинтә шьаҭақәа рышьақәыргылареи, аинформациа ахаҭабзиара аизырҳареи, Аԥсни Урыстәылеи рҭыжьымҭақәа реимадара аҿиареи ирзырхоу аусшәҟәы.

«Аиқәшаҳаҭра ҳабжьаҵара – ари Урыстәылатәи амедиақәеи ҳареи ҳаимадарақәа рырӷәӷәаразы имҩаԥаҳго аусура ацҵара ауп иаанаго. «Аԥснымедиа» азы ас еиԥш аусеицура, егьырҭ Урыстәылатәи амасса информациатә хархәага дуқәеи ҳареи иҳабжьаҳҵахьоу аиқәшаҳаҭрақәа инарываргыланы, аԥышәа аимдареи еицаҳзеиԥшу апроектқәа рынагӡареи рзы алшара ҿыцқәа аанартуеит. Урыстәылатәи ҳколлегацәа аус рыцура ахә ҳаракны иаҳшьоит», – ҳәа азгәеиҭеит Роберт Џьопуа.

Есымчыбжьатәи аҭыжьымҭа ҷыда «Комсомольскаиа правда» актәи аномер Аԥсны ианҭыҵ инаркны аҭыжьра аус адызуло Урыстәылатәи ажурналистцәа, «Аԥснымедиа» аҟынтәи рколлегацәа ацхыраара рырҭоит.

Уажәы ааигәа, «Аԥснымедиа» аредакциаҿы аколлектив зегьы алархәны имҩаԥысит аиашьаратә тәылақәа ҩба ржурналистцәа рырҿиаратә еицәажәара. Урыстәылаа «Аԥснымедиа» ахҳәааҟаҵаҩцәеи акорреспондентцәеи ирабадырит, ԥхьаҟатәи рыгәҭакқәа ирылацәажәеит.


Read 40 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.