АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Нанҳәа.2022

ЕДУАРД БЫҬӘБА МАКСИМ ЕПИФАНОВСКИ «COVID-19 АҾАГЫЛАРАЗЫ» АГӘАБЗИАРАХЬЧАРА АМЕДАЛ ИАНЕИШЬЕИТ.

Аҟәа. Нанҳәамза 5, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Максим Епифановски «COVID-19 аҿагыларазы» агәабзиарахьчара Аминистрра амедал ианеишьеит. Максим Епифановски акоронавирустә ҿкы чымазара апандемиа аан Аԥсны Аминистрра агәабзиарахьчара Аминистрра амедицинатә ҵыҵәри аагара, аҵыҵәритә станциақәеи арезервуарқәеи  ареспублика ахәышәтәырҭақәа рҿы рышьақәыргылар аҿы ацхыраара ҟаиҵон.

«Шәара инашәыгӡоз аусура ауаа рылаԥш иақәшәо ишыҟамызгьы, уи акырӡа зҵазкуаз амҽхак ҭбаа змаз усураны иҟан. Шәара Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра иашәҭоз ацхыраара иабзоураны рыԥсқәа еиқәхеит хыԥхьаӡара рацәала ауаа. Аминистрра ахьӡалеи, иара убас хаҭала сара сыхьӡала иҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп шәааԥсаразы», - ҳәа иҳәеит Едуард Быҭәба.

Максим Епифановски агәабзиарахьчара аминистр иусура еиҭаз ахәшьара ҳаракы азы иҭабуп ҳәа иҳәеит.   

 


Read 370 times - Ахаша, 07 Цәыббра 2022 14:22
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.