АЖӘАБЖЬҚӘА

07.Цәыббра.2022

«ЗЛАХЬЫНҴА ИАМЫХЬЧАЗ»: АИБАШЬРААН ХАБАРДА ИБЖЬАӠЫЗ ИРЫЗКУ АГӘАЛАШӘАРАҚӘА ЗНУ АШӘҞӘЫ ҬЫҴИТ.

Аҟәа. Цәыббрамза 7, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет Амиссиеи «Аԥсны анацәа аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы» ҳәа хыс измоу иҭахаз афырхацәа ранацәа Рхеилаки «Злахьынҵа иамыхьчаз», - ҳәа ахьӡ аманы ашәҟәы ҭрыжьит.

Ари 1992 – 1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аан хабарда ибжьаӡыз ирызку ажәабжьқәа реизга мацара акәӡам. Ари аизга аҟны  икьыԥхьуп 151-ҩык рҟынӡа аибашьраан хабарда ибжьаӡыз рыуацәеи рҭынхацәеи ргәалашәарақәа. 

«Ари хабарда ибжьаӡыз рыԥсҭазаара хәызмаӡам ахцәажәароуп, азхьаԥшроуп. Урҭ рыуацәа рыла еиҭаҳәоу рҭоурых ҳахдырраҿы еиԥш ҳагәқәа рыҿгьы рыԥсы ҭоушәа иаацәырнагоит», –  ҳәа аҭыжьымҭа аԥхьажәа аҿы иҩит Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет Амиссиа ахада Натан Реис.

«Аԥсуа-қырҭуа еибашьра аналага амш инаркны абар шьҭа ҩажәижәаба шықәса ҵырц акагьы агым. Ари аамҭа иалагӡаны, Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет Амиссиеи «Аԥсны анацәа аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы» иҭахаз афырхацәа ранацәа Рхеилаки рылшарала иҭыжьын ашәҟәы «Агәыӷра ԥсра ақәым», уи аҭаацәарақәа жәпакы рзы агәалашәара иасимволны иҟалеит. Ари ашәҟәы раԥхьатәи ԥышәаны иҟалеит, анаҩс 2010 шықәсазы Аԥсны иалагеит хабарда ибжьаӡыз рыԥшаара иазкны мҽхакы ҭбаала аусура.  Ари аусура агуманитартә знеишьа аҳәаақәа ирҭагӡаны Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет ииашоу, анеитралтә бжьацәажәареи аконфликт иалаз аганқәа реиқәшаҳаҭреи иалҵшәахеит.  Ҳара уи ахәшьара ҳаракы аҳҭоит. Уажәы аԥхьаҩцәа ирыдаагалоит хабарда ибжьаӡыз ирызку даҽа шәҟәык. Актәи ашәҟәы ирацәаны ашаҳаҭтә фактқәа алагалазҭгьы, ари ашәҟәы хабарда ибжьаӡыз зеиԥшраз, ҟазшьас ирымаз, гәаҳәарақәас ирымаз, раԥхьаҟа занааҭс иалырхраны иҟаз: исахьаҭыхыҩцәаны, ипоетцәаны, инапҟазацәаны, имузыкантцәаны,  уҳәа аныԥшуеит. Дара изаамҭанымкәа зыԥсҭазаара ҿахҵәаз уаауп. Дарбанызаалак ауаҩы иԥсҭазаара аҭоурых атәыла аԥеиԥш ианыԥшуеит», - ҳәа иазгәаҭоуп «Аԥсны анацәа аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы» ҳәа хыс измоу иҭахаз афырхацәа ранацәа Рхеилак ахантәаҩы Гәыли Кьычба илыҩыз ашәҟәы аԥхьажәа аҿы. 

Аибашьра ашьҭахь аԥсуаа рганахьала хабарда ибжьаӡыз ҳәа иԥхьаӡаз  рхыԥхьаӡара ҩышә-ҩык рҟынӡа инаӡон. 

«Ари ашәҟәы аҿы ҳара ҳрыхцәажәоит хабарда ибжьаӡыз ауаа. Аха иҳаҩсыз 30 шықәса рыла аихьӡарақәагьы ыҟан  - 44 – ҩык рыԥсыбаҩ рхаҭара шьақәыргыланы рҭаацәа ирыҭан. Урҭ, ус иуҳәар ауказар агәҭынчра роуит, аха макьаназы шаҟаҩы ыҟоузеи уи иазыԥшу, уи иақәгәыӷуа», -ҳәа илҳәеит Аҟәа агаразы имҩаԥгаз марттәи ажәылараан иҭахаз, акыраамҭагьы хабарда ибжьаӡыз рхыԥхьаӡараҿы иҟаз Арзамеҭ Ҭарба  иан Гәыли Кьычба.   – Ааигәанӡа хабарда ибжьаӡыз рхыԥхьаӡараҿы иҟаз рыԥсыбаҩ ԥшааны, рхаҭара шьақәыргылан. Уажәы ҳара ҳахьнеиуа, урҭ рызқәаҭыԥ ахьыҟоу, ҳнапы ахьықәыҳшьуа аҭыԥ ҳамоуп. Аха ҳара уи иазыԥшны иаанхаз ҳрызхәыцуеит. Ари ашәҟәы урҭ ргәы маҷк иадамзаргьы иарҭынчуеит, ирзааигәоу шырхамышҭыз, урҭ рыԥшааразы аусура шымҩаԥысуа азы агәыӷра рынаҭоит. Арҭ аҭаацәа раԥхьаҟа ирзааигәоу ауаа ргәалашәара иазкхоит, насгьы уи џьоукы-џьоукы  рзы ҳаԥхьаҟа уи аҩыза арыцҳареи ахлымӡаахи ҟамларц азы гәҽанҵаганы иҟаларгьы алшоит».

2007 шықәсазы  Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет Амиссиеи «Аԥсны анацәа аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы» иҭахаз афырхацәа ранацәа Рхеилаки  ирыбзоураны иҭыжьын ашәҟәы «Агәыӷра ԥсра ақәым». Уи Аџьынџьтәылатәи еибашьраан хабарда ибжьаӡыз 131-ҩык рбиографиатә дыррақәа ааркьаҿны ианылеит.

 

 


Read 462 times - Ахаша, 07 Цәыббра 2022 17:39
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.