Иара убас Динара Смыр ҩ-усбарҭак русеицзура атәы далацәажәо, илҳәеит Аԥсны Акультура Аминистрреи Урыстәылатәи Афедерациа Аминистрреи 2025шықәсанӡа аусеицуразы апрограмма шышьақәыргылоу. Уахь иаҵанакуеит аԥснытәии урыстәылатәии аҟазара аусзуҩцәа, иаҳҳәозар асахьаркыратә, асценатә ҟазара, акинематографиа, абиблиотекатә, амузеитә усқәа, адекоративтә, атеатртә ҟазара, жәлар рҟазара аусхк уҳәа рыла аусеицура.
Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит жәларбжьаратәи акультуратә усеицура иамоу аҵакы, аиҩызаратә тәылақәа рырҿиаратә еидгыларақәеи ҳареи ҳабжьара аусеицура шырӷәӷәатәу, иара убас аԥсуа культура атәыла анҭыҵ аларҵәаразы аусура ишацҵатәу.
Аҳәынҭқарра Ахада акультура Аминистрра ашҟа ажәалагала ҟаиҵеит 2008 шықәса рзы Кәыдрытәи аҩхаа аҭарцәразы имҩаԥгаз ажәыларақәа ирызкны аусмҩаԥгатәқәа еиҿкаазарц. «Ажәылара амҩаԥгараҿы Урыстәылатәи Афедерациа ацхыраара злаҟанаҵаз ала, ари аҭоурыхтә рыцхә иазкны акультуратә усмҩаԥгатәқәа еиҿкаазар ҟалоит»,-ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Аҳәынҭқарра Ахада аминистр дазхьарԥшны далацәажәеит иаарту аконцерттә ҭыԥқәа реиҿкаара атәы Бедиатәи аныхабаа ашҭаҿы, уахь инагоу амҩа аиҭашьақәыргылара ишаҿу азгәаҭаны. «Иара убас иҟоуп алшара Мықәтәи аныхабаа, Ивертәи ашьха, Афон ҿыц аҭыԥқәа рхархәаразы», - иҳәеит Ахада, убри аан иҳәеит арҭ аусқәа рымҩаԥгаразы ацхыраара шыҟаиҵо.
Аслан Бжьаниеи Динара Смыри ҳазҭоу ашықәс азы жәларбжьаратәи акультуратә еимадарақәеи, апрофессионалтә ҟазара, амузеитә, абиблиотекатә ус рырҿиареи, аҳәынҭқарратә культуратә политика анагӡареи ирызкыз азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Аамҭала Акультура Аминистр инапынҵақәа назыгӡо хазы илҳәеит иара убас культуратә усбарҭақәа рыҟны акадрқәа разымхара шыҟоу атәы.
Аҳәынҭқарра Ахада ҷыдала дазааҭгылеит Амилаҭтә сахьаҭыхратә галереиаҟны иҟалаз абылра ахҟьа-ԥҟьақәеи, ацәыргақәҵатә зал аҟны ицо аиҭашьақәыргыларатә усурақәеи рызҵаарақәа. «Иарбан шьаҿақәоу раԥхьа иҟаҵатәу иаҳцәыӡыз хра злоу аусумҭақәа реиҭашьақәыргыларазы?», - дазҵааит Аҳәынҭқарра Ахада.
Динара Смыр лажәақәа рыла, еиқәхаз аусумҭақәа зегьы шьҭоуп И. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҿы, урҭ рыхьчаразы аҭагылазаашьа шаԥҵоу. «Абылра иацәынхеит 148 сахьа. Еснагь урыстәылатәи арестовраторцәеи ҳареи ҳаимадоуп. Иҟалаз ахҭыс бааԥс анаҩс иаразнак Аԥсныҟа иааит, хәы змамыз абжьгарақәа ҳарҭеит, ҩаԥхьа аарагьы иазхиоуп ҳҟазацәеи дареи еицхырааны еиқәхаз асахьақәа реиҭашьақәыргыларазы", - ҳәа илҳәеит Динара Смыр.
Уи лажәақәа рыла, урыстәылатәи ареставраторцәа аусумҭақәа аекспертә хәшьара арҭоит, анаҩс Аԥсны Акультура аминистрра азеиԥш концепциа азнархиоит.
Аслан Бжьаниа иҭабуп ҳәа ахиҳәааит имҩаԥгоу аусура, ареспублика акультура аҿиаразы иқәгылоу аҳасабтәқәа рынагӡара аус агәцаракра аҭара шаҭазу азгәаҭаны.