АЖӘАБЖЬҚӘА

18.Жәабран.2024

Иреиҳаӡоу аӡбарҭа: «Зықәра наӡамкәа ацәгьоура зуз ахаҿы ихарадҵара амч анаиуаз 18 шықәса ихыҵра, ақәнага иақәыршәаразы иџьбароу арежим змоу ариашаратә колониа аҿы аҭакра изалхра азы шьаҭаны иҟам».

Аҟәа. Жәабранмза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа апресс-маҵзура Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра а-Telegram-канал аҿы иҟаз аҳәамҭа иахцәажәеит.  

Жәабранмза 16, 2024 шықәса рзы Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә Telegram-канал аҿы Ареспублика Аԥсны атәылауаҩ Абыхәба Е.Г. «жәабранмза 2 рзы, иарбоу атәыла Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбамҭа ала уи иганахьала уаанӡа ирыдыркылаз азыӡба арԥсыҽра ашьҭахь ихы дақәиҭыртәит» ҳәа адырра ҟанаҵеит.   Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟаполитикатә Хылаԥшырҭа аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбамҭа аԥснытәи аиашаӡбара ареспублика иахьаҵанакуа иҟало ацәгьоурақәеи  ацәгьоуцәа ақәнага рақәыршәареи рганахьала гәхьаамкрала азнеира аанарԥшуеит  ҳәа ирыԥхьаӡоит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу аӡбарҭа апресс-маҵзура иҟанаҵаз ахҳәаа аҿы уаанӡа ирыдыркылаз азыӡба арԥсыҽра ҵаҵӷәыс иамоу азы алкаа ҟанаҵоит.  

«Аԥсны атәылауаҩ Абыхәба Е.Г. ацәгьа аниуаз 18 шықәса ихымҵыцызт. Уи иганахьала уаанӡа ирыдыркылахьаз азыӡба арԥсыҽразы аӡбамҭа адкылараан Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Апрезидиум шьаҭаны иагеит Аԥсны Аконституциа (ахәҭаҷ 11), еицазхаҵоу жәларбжьаратәи азинтә шәҟәынҵақәа, Аԥсны Ашьауӷатә Закәанеидкыла (ахәҭаҷқәа 3, 4, 6, 82), иара убас Аԥсны Аконституциатә ӡбарҭа азинтә позициа иақәныҟәон» , - ҳәа иаҳәоит атекст аҿы.

Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа апресс-маҵзура иҟанаҵаз аҳәамҭа атекст зегьы нагӡаны абас ала ишьақәгылоуп:

«Жәабранмза 16, 2024 шықәсазы Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә Telegram-канал аҿы Ареспублика Аԥсны атәылауаҩ Абыхәба Е.Г. «жәабранмза 2 рзы, иарбоу атәыла Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбамҭа ала уи иганахьала уаанӡа ирыдыркылаз азыӡба арԥсыҽра ашьҭахь ихы дақәиҭыртәит» ҳәа адырра ҟанаҵеит.   Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟаполитикатә Хылаԥшырҭа аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбамҭа аԥснытәи аиашаӡбара ареспублика иахьаҵанакуа иҟало ацәгьоурақәеи  ацәгьоуцәа ақәнага рақәыршәареи рганахьала гәхьаамкрыла азнеира аанарԥшуеит  ҳәа ирыԥхьаӡоит.   

Жәабранмза 4, 2021 шықәса рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа азыӡба ала, 03.09.2001 ш. рзы ииз Абыхәба Едгар, 1999 шықәса рзы ииз Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩԥҳәыс лцәаԥҽра, хәымгарала лызныҟәара, лмазара лыцәӷьычра, иара убас   ӷәӷәала лгәабзиара ааха аҭара азы Аԥсны Ашьауӷатә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 126, ахәҭа 2, апункт «б», ахәҭаҷ   127, апункт «б», ахәҭаҷ  158, ахәҭа  2, апункт «г», ахәҭаҷ    105, ахәҭа 1 инарықәыршәаны ахара идуп ҳәа дыԥхьаӡаны ахьырхәра аҳасабала азеиԥш режим змоу аколониа аҿы хараԥсада жә-шықәса аҭакра иқәнаҵеит.

Аԥсны Ашьауӷатә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 82, ахәҭа 2 инақәыршәаны, зықәра наӡамкәа ацәгьоура ҟазҵаз ауаҩы ақәнага иақәыршәаразы азыӡба адкылараан  ахьырхәра аҳасабала уи ахақәиҭра иалыхәдатәра аҽҳәара жәа-шықәса иреиҳамзароуп.  Хыхь иарбоу ацәгьоурақәа аныҟаиҵоз 31.07.2019ш. рзы Абыхәба Е.Г. иқәра наӡаны дыҟамызт.

Иарбоу ашьауӷақәҵара азашшра дықәҵан  Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ашьаусқәа рзы Азашшратә коллегиа ахь. Уи рашәарамза 16, 2021 шықәса рзы ари азыӡба аԥсахразы аӡбамҭа аднакылеит.  Абыхәба Е.Г. ахьырхәра аҳасабала иџьбароу арежим змоу аколониа аҿы жә-шықәса ҭакрала ахгара, иара убас 10 000 мааҭ ахараԥса аршәареи ааха зауз аган 1 млн. 148 нызықь 800 мааҭ рызшәареи иқәҵан.  Убас ала, ашьауӷақәҵара (азыӡба)  ариашаратә усбарҭа алкаара аганахьала ауп аиҭакрақәа ахьалагалаз – иџьбароу арежим змоу ариашаратә колониа.  Егьирахь азыӡба ԥсахрада иаанхеит. Азашшратә коллегиа ас заӡбаз Абыхәба Е.Г. ацәгьоура аниуаз иқәра намӡацызт, аха ахарадҵара амч анаиуаз, иара 18 шықәса ихыҵхьан азы.

Жьҭаарамза 25, 2022 шықәса рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Апрезидиум ахь Абыхәба Е.Г. ихьчаҩ - адукат  Чакәитаӡе лҟынтәи ахәаԥшразы ахылаԥшратә ашшыбӷьыц нашьҭын. Уи актәии акассациатәи аинстанциақәа рыӡбарҭа аӡбамҭақәа раԥыхреи,  илыхьчо Абыхәба Е.Г. иганахьала ариашаратә шьауӷақәҵара адкылареи рзы аҳәара арбан.

Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Апрезидиум рашәарамза 16, 2023 шықәсазы иаднакылаз Ақәҵарала, Аԥсны Аџьатә-риашаратә Закәанеидкыла  ахәҭаҷ 39, Аԥсны Ашьауӷатә Закәанеидкыла ахәҭаҷ  53, ахәҭа  1 аԥҟарақәа Аконституциа иахьынӡақәшәо аилкааразы азыҳәамҭа Аԥсны Аконституциатә ӡбарҭа ахь адәықәҵара инамаданы,  иарбоу аус ала аӡбареиҿкаара аамҭала иаанкылан.

Ԥхынҷкәынмза 12, 2023 шықәса рзы Аԥсны Аконституциатә ӡбарҭа Ақәҵара аиура ашьҭахь, Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Апрезидиум аҿы иарбоу аус азы аӡбареиҿкаара еиҭахацыркын.

Убас, Аԥсны Аконституциатә ӡбарҭа жьҭаарамза 24, 2023 шықәсазы иаднакылаз Ақәҵара №01-ПКС/2023 аҿы инаҵшьны иазгәаҭоуп: «ахара зду ацәгьоура аныҟаиҵоз аамҭазы иқәра анамӡара,  иара иус аӡбара аамҭа иалагӡаны иқәра наӡазаргьы, уи аӡбамҭа ала  аус зырмарио аҭагылазаашьаны азхаҵара ахәҭоуп.

Ацәгьоура аныруаз зықәра наӡамыз ахаҿқәа рахьырхәра аҳасабала иазԥхьагәаҭоу ауснагӡатәқәа рынагӡара, 18 шықәса зхыҵхьоу ахаҿқәа ақәнага рақәыршәаразы аҭыԥқәа ралхрагьы уахь иналаҵаны, иҟоу ашьауӷа-зинтә закәанԥҵарала ишьақәырӷәӷәаӡам, иара убас уи Аԥсны Аконституциа ахәҭаҷ  11 иаҿагылоит». Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Апрезидиум аӡбамҭа адкылараан шьаҭаны иагеит Аԥсны Аконституциа (ахәҭаҷ 11), еицазхаҵоу жәларбжьаратәи азинтә шәҟәынҵақәа, Аԥсны Ашьауӷатә Закәанеидкыла (ахәҭаҷқәа 3, 4, 6, 82), иара убас Аԥсны Аконституциатә ӡбарҭа азинтә позициа.

Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Апрезидиум ацәгьоура аныҟаиҵоз зықәра наӡамыз ахаҿы ихарадҵара амч анаиуаз 18 шықәса ихыҵра ақәнага иақәыршәаразы иџьбароу арежим змоу ариашаратә колониа аҿы аҭакра изалхра азы шьаҭаны иҟам, избан акәзар, уи Аԥсны Ашьауӷатә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 82, ахәҭа  4 иазԥхьагәанаҭо аҭагылазаашьақәа даҵанакуеит ҳа алкаа ҟанаҵеит. Убас ала, ацәгьоура (ҷыдала ацәгьоура хьанҭа уахь иналаҵаны) аныҟарҵоз зықәра наӡамыз, аха рхарадҵара амч анаиуаз 18 шықәса зхыҵхьаз ахаҿқәа ақәнага рақәыршәаразы азеиԥш режим ала ариашаратә колониа аҿы аҭакра рықәҵахоит.

Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Апрезидиум ашьауӷатә усеилыргарақәа рзы Азашшратә коллегиа азыӡба изакәаным, ишьақәырӷәӷәам, убри аҟнытә аԥыхра иазкуп ҳәа ишьақәнаргылеит. Убри аан,  Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Апрезидиум Е.Г. Абыхәба иганахьала актәи аинстанциа аӡбарҭа иаднакылаз азыӡба аԥыхра, мамзаргьы арԥсыҽра азы ахьчаҩ-адукат иалалҵаз ахылаԥшратә зашшра иарбоу ашьақәырӷәӷәагақәа ҵаҵӷәыркӡам ҳәа аӡбамҭа аднакылеит.  

Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Апрезидиум ахылаԥшратә ашшабӷьыц ахәаԥшраан алкаа ҟанаҵеит: Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ашьауӷатә усқәа рзы Азашшратә коллегиа рашәарамза 16, 2021 шықәса рзы иаднакылаз азыӡба (ариашаратә усбарҭа алкаара аганахьала) аԥыхзароуп, жәабранмза 4, 2021 шықәса рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Абыхәба Е.Г. иганахьала иаднакылаз азыӡба азинмчы аманы иаанхеит, убас ала уи ахьырхәра аҳасабала азеиԥш режим змоу аколониа аҿы жә-шықәса аҭакра иқәҵахеит.

Абыхәба Е.Г. иҭакра аҽҳәара ашықәсԥхьаӡара нанҳәамза  2, 2019 шықәса инаркны ихацыркуп.   

Ариашаратә усбарҭақәа ралкаара аганахьала  аиԥш-зеиԥшу анормақәа Урыстәылатәи Афедерациа ашьауӷатә закәанеидкыла аҿы еиԥш Урыстәылатәи Афедерациа Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа Апленум лаҵарамза 29, 2014 шықәсазы иаднакылаз «Аӡбарҭақәа рыла ариашаратә усбарҭақәа ралкаареи рыԥсахреи рзы апрактика азы» Ақәҵара №9 аҿгьы иарбоуп.  Иарбоу аԥҟарақәа инарықәыршәаны, зықәра наӡамкәа ихьанҭоу, мамзаргьы ҷыдала ихьанҭоу ацәгьоура ҟазҵаз, аха рхарадҵара амч анаиуаз 18 шықәса зхыҵхьаз ахаҿқәа ақәнага рақәыршәаразы азеиԥш режим ала ариашаратә колониа аҿы аҭакра рықәҵахоит.  

Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа апресс-маҵзура».

 

 

 

 

 

 


Read 150 times - Ашәахьа, 19 Жәабран 2024 17:12
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.