Аҟәа. Ажьырныҳәамза 31, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла Аинформациатә Маҵзура ТАСС адиректор Хада Аинформациатә Маҵзура «Аԥсныпресс» аусзуҩцәеи анапхгараҭареи Аинформациатә Маҵзура аԥҵара Амш инамаданы дрыныҳәалеит.
«Ҳаҭыр зқәу Манана Михаил-иԥҳа! Урыстәылатәи Аинформациатә Маҵзура ахьӡалеи хаҭала сара сыхьӡалеи Шәареи Аԥснытәи аинформациатә Маҵзура «Аԥсныпресс» акомандеи Амаҵзура аԥҵара Амш шәыдысныҳәалоит.
Аинформациатә Маҵзура «Аԥсныпресс» аусура аҭоурых зегьы иалагӡаны Ареспублика Аԥсны арегионалтәии жәларбжьаратәи аинформациатә плошьадкақәа рҿы иахәҭоу аҭыԥ ааннакыларазы еицакра змам ашьаҭа аԥҵара иазкны аусура нанагӡоит. Амаҵзура аусзуҩцәа русура аҿы азанааҭдырра аҩаӡара ҳаракы аарԥшуа ианаамҭоу ииашоу, иҵабаргу аинформациа аҟаҵара алнаршоит. «Аԥсныпресс» Аԥсны аҩныҵҟа еиԥш адунеи аҿы иҟало акыр зҵазкуа аполитикатә, аекономикатә, асоциалтә, акультуратә, аспорттә хҭысқәа рзы адырра ҟаҵо жәларбжьаратәи ажурналистика аҿиара хра злоу алагала анаҭоит, уи Аԥсны еиԥш уи анҭыҵгьы аԥхьаҩцәаеи анапаҵаҩҩцәеи рыбжьара акыр ахархәара зауа аинформациатә хархәаганы иҟоуп», - ҳәа иаҳәоит адныҳәалара атекст аҿы.
ТАСС анапхгаҩы аиҩызареи аилибакаареи злоу Аԥсныпресс аколлектив ишьақәгылахьоу апрофессионалтә традициақәа ишрыцырҵо, русура аҿы ажурналитика иреиӷьу астандартқәа рхы ишадырхәало, иара убри ала адунеитә информациатә ҵакыра арӷәӷәара ишацхраало азы агәрагара ааирԥшит.
«Агәра ганы сыҟоуп, аилибакаара шьаҭас измоу ҳаиҩызаратәи ҳаимабзиаратәи аизыҟазаашьақәа аринахысгьы еиҳа-еиҳа аҿиара шаиуо, урҭ жәларбжьаратәи аинформациатә усеицура аҿиара ишацхраало», - ҳәа иазгәаҭоуп адныҳәалара аҿы.
Аинформациатә Маҵзура Аԥсныпресс Аҳәынҭқарра Ахада Владислав Арӡынба Иусԥҟала ажьырныҳәамза 31, 1995 шықәсазы иаԥҵан. Уажәы иара Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усбарҭа «Аԥснымедиа» аилазаараҿы иҟоуп.