Аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчара азы Аҳәынҭқарратә Усбарҭа анапхгаҩы Гарри Сангәылиа иҟаиҵаз адыррақәа рыла, урыстәылатәи аспециалистцәа аныхабаа ахыб зку аиужьратә конструкциа аиҭакразы аԥсуа ган зыдгалара мҩаԥнагаз авариантқәа рганахьала ргәаанагарақәа рҳәеит. Урҭ иҿыцу, технологиала иуадаҩу, идуу ахаҳәтә ҟәырӷ ашьақәыргылара, иара акульттә обиект ахаҭа иахьатәи аҭагылазаашьа ҳасаб азуны уахәаԥшуазар, инегативтәу ахҟьаԥҟьақәа азцәырнагар алшоит ҳәа иазгәарҭоит.
Аԥыза-министр ицәырҵыз азҵаара аӡбара азы еиуеиԥшым азнеишьақәа ҳасаб азуны адинмаҵзуҩцәа аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчара азы Аҳәынҭқарратә Усбарҭеи аргылаҩцәеи дареи еилацәажәаны еиқәшаҳаҭны аконсенсус аԥшаара алдыршарц азы ажәалагала ҟаиҵеит. Ари аӡбамҭа шрыдыркылалак еиԥшҵәҟьа, атәыла Анапхгара уи ала ишьаҭарку ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара иацнаҵоит, ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб.