Аҟәа. Ажьырныҳәамза 29, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Амилаҭтә галереиа аҿы иҟалаз абылра ахҟьаԥҟьақәеи ацәыргақәҵатә зал ҩаԥхьа аусура аиҭалагареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа рылацәажәара иазкын иахьа имҩаԥсыз атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаби Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ахаҭарнакцәеи реиԥылара, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла Анапхгара апресс-маҵзура. Аиԥылара рхы аладырхәит иара убас акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡо Динара Смыри апрокурор Хада Адгәыр Агрбеи.
Апрокурор Хада аиԥылара иалахәыз ишеилдиркааз ала, ахҭыс ахьыҟала аҭыԥ аҿы ихымԥадатәиу ауснагӡатәқәа зегьы хыркәшахаанӡа, иара убри ала абылра зыхҟьаҵәҟьаз амзызқәа шьақәыргылахаанӡа агалериа ауадақәа ррыцқьареи аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгареи рҟынтәи аҽаанкылара ахәҭаны иҟоуп. Адгәыр Агрба иажәақәа рыла, аԥсуа ган иҟанаҵаз аҳәарала, урыстәылатәи аспециалистцәа азинхьчаратә усбарҭақәа ацхыраара рырҭараны иҟоуп.
Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ахаҭарнакцәа Витали Џьениа, Амиран Адлеиба, Руслан Габлиа, Леонид Еныкь, асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵатә зал Хада адиректор Ельвира Арсалиа атәыла асахьаҭыхыҩцәа Реидгылеи ацәыргақәҵатә зали русуа аиҭалагара иазкны ажәалагалақәа ҟарҵеит.
Аԥыза-министр аиԥылара иалахәыз абҵарамза, 2012 шықәсазы иаҿаҵаз асахьатә галереиа акомплекс аескизтә проект дирбеит.
«Ҳара зегьы мҽхакы ҭбаала аусура ҳаԥхьа ишьҭоуп. Ҳара дарбанызаалак ицхыраара мап ацәаҳкӡом, аха убри аан еилаҳкаауазароуп, иарбоу апроцесс аҿы аиҳарак ақәыӷәӷәара зауа аҳәынҭқарра ауп», – ҳәа аиԥылара аихшьаалақәа ҟаҵо иҳәеит атәыла аԥыза-министр.