Ахҭыс шыҟалаз азы Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аҷаԥшьаратә ҟәша ахь адырра ҟалеит асааҭ 03:38 рзы. Амца арцәара иалахәын Аҟәа, Гәдоуҭа, Гәылрыԥшь, Очамчыра ақалақьқәа рҟынтәи 11 амцарцәаратә гәыԥқәа. Ашьыжь, асааҭ быжьба инарзынаԥшуа амца арцәара алыршахеит.
Динара Смыр ацәыргақәҵатә зал Хада аҿы иҟалаз абылра азы: иҟалаз ахҭыс амилаҭтә культура азы ахаан зеиҭашьақәыргылара ҳалымшо, акала иузхамырҭәаауа ацәыӡ ауп.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иҟоу адыррақәа рыла, ацәыргақәҵатә зал Хада аҿы амца иалаблит ԥшьнызықь инареиҳаны асахьақәа. Абри азы Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо адырра ҟалҵеит атәыла акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡо Динара Смыр.
«Аԥсны Амилаҭтә сахьатә галереиа афонд зегьы блит ҳәа уҳәаратәы иҟоуп иахьа. Ацәыргақәҵатә зал Хада ахыбра аҩбатәи аихагылаҿы иҟан Амилаҭтә сахьатә галереиа афондқәа, 4000 екземплиар инареиҳаны. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп ахаан зеиҭашьақәыргылара ҳалымшо 300 рҟынӡа Алеқсандр Шервашиӡе-Чачба иусумҭақәа... Аԥсны Амилаҭтә сахьатә галереиа афонд иатәыз асахьақәа зегьы блит ҳәа уҳәаратәы иҟоуп. Иҟалаз ахҭыс амилаҭтә культура азы ахаан зеиҭашьақәыргылара ҳалымшо, акала иузхамырҭәаауа ацәыӡ ауп», - ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит Динара Смыр.