АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Ажьырныҳәа.2024

«Ажьырныҳәа» азгәаҭара – «аԥсуаа рзы жәытә-натә аахыс традициала иаауа қьабзуп.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 14, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Ажьырныҳәамза 14 рзы Аԥсны иазгәарҭоит  «Ажьырныҳәа». Уи   – аԥсуаа рзы жәытә-натә аахыс традициала иаауа қьабзуп. Атеологиа адоктор, архимандрит Дорофеи (Дбар)  Феисбук аҿы идаҟьа аҿы бзыԥтәии абжьыуатәии Ашықәс Ҿыц азы аныҳәарақәа рвариациақәа ртәы аниҵеит.

Актәи 1855 шықәсазы раԥхьатәи аԥсуа етнограф Соломон Ажәанба (1809-1855 шш.) ила ишьақәырӷәӷәан, аҩбатәи – 1899 шықәсазы аҭоурыхҭҵааҩы, арккаҩы Џьанашьиа Николаи Семион-иԥа (1872-1918 шш.)  ила.  

Соломон  Ажәанба: «Шьашәы Абжьныха. Уи аԥсуаа бжь-хаҿык иманы дадырбоит, Абжьныха ҳәагьы ишьҭоуп. Ари анцәахәы есышықәса имҵаныҳәоит ажьицәеи аихаҟазацәеи. Ашықәс Ҿыц аламҭалазы (ажьырныҳәамза 13, иулиантәи амзар ала – аред. АП азгәаҭара) ахәылбыҽха, ажьи ашьтәа ишьуеит, уи иԥшәмаԥҳәыс ажьира иадгыло рыцԥхьаӡа арбаӷьқәа, ма ақәытқәа лшьуеит, ачашыла иалхны ачашә ду лӡуеит.  Ашьтәа ажьы ржәуеит, арбаӷьқәа аҵәы иахаҵаны ирӡуеит, ачашәгьы рӡуеит.  Зегьы аныхиахалак ашьҭахь, ажьи имаругақәа ажьираҿы инаганы аԥсынгьери ааигәара ишьҭеиҵоит; уахь инаргоит идырхиаз афатәгьы, аҭаацәагьы еизоит.

Аныҳәара иалаху аҭаацәа зегьы ажьираҿы ишьамхышгылоит, ажьи иакәзар, ихылԥа ааихыхны ацәашьы аиркуеит, асаҟәмал ажьирахь инагаз акәиц иалеиҵоит, анаҩс аныҳәара далагоит. Дныҳәаны данаалгалак ашьҭахь, иара еизаз ашьтәеи арбаӷьқәеи   ргәи-ргәаҵәеи ачашәқәеи ргьама дирбоит.   Ажьираҿы иныҳәо аҭаацәа доусы афатә агьама анырбалак ашьҭахь иныҳәа-ныԥхьаны хԥа-хԥа ҿамҩа аҩы еиқәаҵәа ржәуеит. Убас ала, аныҳәара ианалгалак ашьҭахь, изыхныҳәаз афатә-ажәтә зегьы ажьира  аҟынтәи аҩныҟа инаргоит. Араҟа аԥшәма агәыла-азла наидгаланы аишәа иахатәоит. Крырфоит-крыржәоит, игәырӷьоит-иччоит. Убри аан дара ажьира анцәахәы Шьашәы иҳәоит дрыцхраарц азы».

Нико Џьанашьиа: «Ҳаамҭазтәи аԥсуаа рдинхаҵара аҿы иналукааша аҭыԥ ааннакылоит ажьира акульт, уи ажьырныҳәа, даҽакала иуҳәозара ажьира амҵаныҳәара» ҳәа иашьҭоуп. Зқьышықәса уажәаԥхьа аԥсуаа зыгәра ргоз рынцәахәқәа дыруаӡәкуп Шьашәы. Аԥсуаа ажәытәан ишхарҵоз ала, Шьашәы ажьирақәеи ажьицәеи рынцәахәы иакәын. Ажьира анцәахәы – Шьашәы-хьаҳ –  ахьтәы аҳ Шашәы. Абжьааԥны Ажьырныҳәа аԥсуаа иазгәарҭоит ажьырныҳәамза 13 ауха, Ажәытә амзар ала ашықәс ҿыц аналаго амш азы.  Уи џьоукы-џьоукы агырцәа ртермин ала «Хьычхәама» ҳәа иашьҭоуп. Убри аан иазгәаҭатәуп, «Ажьырныҳәа» аԥсуаа аӡәырҩы Ашықәс ҿыц ашьҭахь раԥхьатәи рымшшьара азы, амра анҭашәалак ашьҭахь ишазгәарҭо.

Ажьиреи ажьицәеи рынцәахәы имҵаныҳәара азы ашьтәа ршьоит. Аҭаацәараҿы ажьи дыҟазар, усҟан аныҳәара иара иҩанаҿы имҩаԥысуеит. Ажьи  ихаҭа аҭаацәа зыхныҳәараны иҟоу ахәыц еиқәаҵәа злам аџьма цқьа ааигоит.  Ажьира иадгыло зегьы рыцыԥхьаӡа рбаӷьк-рбаӷьки кәакәарки наргоит. Амра анҭашәалак аамышьҭахь абиԥара иатәу ашьтәа ршьуеит. Ашьтәа ажьы зны иржәуеит, нас инаахәлалак жәлак еицызмоу аҭаацәара рхаҭарнакцәа ажьирахь рҿынархоит. Зегьы раԥхьа дгыланы днеиуеит ажьи-аныҳәаҩ. Уи иарма напаҿы ашьтәа агәи агәаҵәеи зхоу араса махә икуп. Ажьираҿы аҭаацәара мрагыларахь рхы рханы аԥсынгьери иакәшаны еивагылоит, нас аныҳәара иалагоит. Џьоукы ишырҳәо ала, быжь цәашьык адыркуеит, даҽа џьоукы изларҳәо ала аҭаацәа рыцыԥхьаӡа цәашьык-цәашьык адыркуеит. Аныҳәаҩ раԥхьа иарӷьа напала аҩы ҟаԥшь зҭоу аҵәца аашьҭыхны ихадоу аныҳәаҿа  иҳәоит. Уи аҵакы абас ала иҟоуп: «Уа, Зегь Зымчу, быжь ныхак зымпыҵаку, быжь цәашьык ззы иаҳаркуа!. Иуаҳауама?! Ҳара ҳабацәеи ҳабдуцәеи ишыҟарҵалоз еиԥш ашьтәа ҳаманы иҳалшоз ала  ҳаузааит. Ҳуҳәоит, иудкыл уи. Аҩны ҳаҟоума, адәны ҳаҟоума, амҩа ҳанума, бнароума, шьхароума, аҵла ҳқәума, аӡы ҳхума, ажәҩан ҳалоума, ҳахьыҟазаалакгьы ҳамҩақәа аауртларц, улԥха, угәыԥха ҳамазарц ҳуҳәоит. Иаҳзымдыруа азы ҳаҭоумҵан!» Анаҩс аныҳәаҩ ажьаҳәала аԥсынгьери дасуеит, «Иуаҳама?» ҳәагьы азҵаара ҟаиҵоит. Уи ашьҭахь аныҳәаҩ агәи агәаҵәеи аҩы  ахҭәалара мҩаԥигоит, иара хаҭала икәакәари иарбаӷьи кны ихы иныҳәоит. Даҽазныкгьы ажьаҳәала аԥсынгьери дасуеит, «Иуаҳама?» ҳәагьы ҩаԥхьа  азҵаара ҟаиҵоит. Анаҩс Аныҳәаҩ ажьира иадгылоу зегьы аӡәаӡәала иныҳәоит. Традициала ишаԥу еиԥш, иара иаамышьҭыхь еиҳабы-еиҵбыла зегь ныҳәоит, нас ашьтәа агәи агәаҵәеи агьама рбоит. Иазгәаҭатәуп ажьаҳәала аԥсынгьери асра аҭаацәарақәа зегьы рҿы ишыҟарымҵо атәы.  

Иныҳәаны ианаалгалак ашьҭахь, зегьы ажьи иҩныҟа ихынҳәуеит, аишәа иахатәаны афара-ажәра иалагоит. Уаххьа аҟынтәи иаанхаз афатә-ажәтә зегьы ажьи иҩнаҿы иаанхоит, идәылугар ҟалаӡом».

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 


Read 154 times - Аҩаша, 16 Ажьырныҳәа 2024 16:25
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.