АЖӘАБЖЬҚӘА

13.Ажьырныҳәа.2024

Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа: ҳара акыр имариам аҭагылазаашьаҿы аус аауеит.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 13, 2024. Апсныпресс. Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа иарбоу адипломатиатә хаҭарнакра Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахь афинанстә усшәҟәқәа нанашьҭӡом ҳәа асоциалтә ҳақәа рҿы ицәырҵыз ахарадҵақәа инарымаданы аҳәамҭа аланарҵәеит.

Ацҳаражәҳәарҭа акоманда акыр аамҭа аҩныҵҟа Шьамтәыла иҟоу зынӡа имариам аҭагылазаашьақәа рҿы аусура шынанагӡо азгәаҭо, ас еиԥш иҟоу ацәажәарақәа иашаӡам ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵоит.   

«Ҳара уажәаԥхьагьы аҳасабырбара аганахьала ауадаҩрақәа ҳаман. Ҳара ҳхатә шәарҭадареи иаҳзааигәоу ауаа ршәарҭадареи ҳақәгәыӷыртә ҳаныҟам, иуадаҩу аҭагылазаашьақәа рҿы аус ааур акәзоит. Ҳусураҿы иҳауо ахарџьқәа есымша шәҟәыла аиқәыршәаразы алшара ҳамаӡам. Ари апроблема уажәакәӡам ианцәырҵ, Аконтрольтә Палата аҿы  уи атәы рдыруазароуп.

Ишакум ацәажәарақәа рмыцхәрас, доусы инапы злаку аус ишахәҭоу ала инаигӡозароуп, изанааҭтә ҩаӡара иазирҳауазароуп. Ҳара ҳганахьала  иҳалҳо зегьы ҟаҳҵоит. Аԥсни Шьамтәылеи ирыбжьоу анапхгарабжьаратәи апректқәа рхыԥхьаӡареи рхаҭабзиареи рыла ипрецендентдоу аҩаӡара ахь икылсуеит», – ҳәа иазгәаҭоуп Ацҳаражәҳәарҭа аҳәамҭа аҿы.


Read 304 times - Ашәахьа, 15 Ажьырныҳәа 2024 16:40
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.