– Ҳаамҭазтәи ауахәама V ашәышықәса анҵәамҭеи VI ашәышықәса алагамҭеи рзы ажәытәӡатәи аныхабаа ашьаҭаҿы иргылан. Асаркьалсырҭа аргылараан адгьыл аҵан ирыԥшааит ахаҳә иалхыз Иоанн Ахьҿы иардама. Уи зыкапан тоннак рҟынӡа инаӡо, еизадоу аҳаш гәал иагәылԥҟоу адамрачаԥа уажәы аныхабаа аҩныҵҟа ишьақәыргылоуп. Ҳара иҳамоуп аԥшьаҩы ицәеижь ҟәырҷаха зцу аныхачаԥа, иара убас ари ауахәама аҟынтәи километрақәак аабжьаны иҟоуп Иоанн Предтечи ихы ахынтәраан архынҳәра ахьыҟалаз аҳаԥы. Иара убас ҳаамҭа аҟынӡа инаӡеит ахәаҿы игылоу ахыбрақәа ҩба рхыжәжәарақәа, урҭ руак Ацқьа ааӡабхгаҩы Василиск анышә дахьамадаз ҭыԥны иԥхьаӡоуп. Абри зегьы ари аныхабаа иԥшьоу ҭыԥны аԥхьаӡаразы аҭагылазаашьа аԥнаҵоит.
– Уажәы аберҭыԥ аҿы амаҵ зуа, аберра зҽазыҟазҵо ыҟоума?
– Иҟоуп, аха имаҷуп. Доусы рхатәы ҭакԥхықәра рыдуп. Дара ашәырҵлақәа ирхылаԥшуеит. Сынтәа еиҭаҳан 100 шьапык рҟынӡа ажь, 100 шьапык инареиҳаны аҵәаҵлақәа, аҳаҵлақәа. Аматанеирақәа, агәабзиаразы аҳәара зну абӷьыцқәа ирыԥхьоит, аԥсырҭынчга иазку анцәа иашьапкра нарыгӡоит, иара убас инагӡоу анцәамаҵзуратә цикл мҩаԥыргоит. Аха рыцҳарас иҟалаз, иахьа ҳара иҳамаӡам апапцәа, адикәанцәа, пономар ҳәа изышьҭоу, анцәаиныҳәарақәа раан ацхыраара ҟазҵо, асаркьал иасуа ауахәама амаҵзуҩцәа. Адоуҳатә кадрқәа рганахьала акризис ҳамоуп ҳәа уҳәаратәы иҟоуп. Апап ичын аиуразы жә-шықәса инырзынаԥшуа аҽазыҟаҵара ахысра ахәҭоуп, ари даара иуадаҩу процессуп, убри аҟнытә Аԥсны зегьы иахьаҵанакуа апапцәа разымхара ӷәӷәала ианыԥшуеит.
– Аҭыԥшьаныҟәара аамҭахәҭа анбалаго?
–Аԥхынтәи аамҭахәҭа ԥхынгәымзеи жьҭаарамзеи ирҭагӡахоит, аӡынтәи – ԥхынҷкәынмза анҵәамҭа инаркны ажьырныҳәамза анҵәамҭанӡа. Ҳара ҳахь иаауеит Гагра, Гәдоуҭа, Пицунда, Ҭҟәарчал, Очамчыра, ақалақьқәа, иара убас Урыстәыла арегионқәа жәпакы рҟынтәи ауахәама аҭааҩцәа. Ауаа Анцәа имҵаныҳәоит, анцәаныҳәарақәа ирҭаауеит.
– Аб Игнати, шәара шҿы иуԥылоит имаҷымкәа аекзотикатә ԥстәқәеи аԥсаатәқәеи. Урҭ араҟа иабантәиаанагеи?
– Ҳара иаҳҭаауа аҭыԥшьаныҟәаҩцәа даара ргәы разуп. Иаагозар, аԥсаркәтык ҳара Воронеж ақалақь аҟынтәи иаҳзааргеит, егьырҭ сара ҳамҭас исылҭеит доуҳала ԥҳас исымоу Иннеса Жьиба. Иара убас ҳара иҳамоуп Кисловдск ақалақь аҟынтәи иаагоу ҩ-бынҽацәки ҩ-бнакәтыки. Резо Занҭария ҳамҭас иҳаиҭеит иԥштәылоу аԥсаркәты, убасгьы аберҭыԥ аҿы иҟоуп хә-ҭсык. Ахәыҷқәа даара бзиа ирбоит аԥстәқәа, ианырбо урҭ даара иреигәырӷьоит. Урҭ рахьынтә аӡәырҩы рзы – ари аԥстәқәа рбара азы лшара заҵәык ауп, избан акәзар урҭ ақалақь аҿы иуԥылаӡом.
– Уаҵәы Қьырсаныҳәоуп. Анцәа дхазҵо ауаа ирзеиӷьашәшьозеи?
– Зегьы раԥхьаӡа иргыланы агәабзиара, аҭынчра, ахирра. Дарбанызаалак аиашахаҵара дин ныҟәызго ақьырсианцәа ҷыдала ари аныҳәа рҽазыҟарҵоит, ачгарара, аҽанраалара, аҳәатәхаҵара, ақьиара, абзиабара аарԥшрала Иаса Қьырса иира Амш азгәарҭоит. .