Ианартәи ажәыларатә операциа 31-шықәса ахыҵра амш азы атәылахьчара Аминистрра анапхгараҭареи ахатәы еилазаареи Аҟәа ақалақь, Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит. Аруаа Аԥсадгьыл ахақәиҭреи ахьыԥшымреи зхы ақәызҵаз афырхацәа ргәаладыршәеит. Аруаа алархәны ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа иара убас Ақалақь-Фархаҵа Гәдоуҭа игылоу афырхацәа рбаҟа амҵангьы имҩаԥысит.
Ажьырныҳәамза 5, ашьыжь шаанӡа Аԥсны Арбџьармчқәа 180-ҩык рҟынӡа аруаа рыла ишьақәгылаз архәҭақәа аӷа импыҵакыз Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәразы ажәылара хацдыркит. Иԥхьагылаз архәҭақәа ҵаҟала Гәымсҭа аӡиас ирны аӷа ихырӷәӷәарҭақәа ԥжәаны идәықәлеит. Аидыслара ӷәӷәа мҩаԥысуан асааҭ 19:00 рҟынӡа, аха нас аԥсуа архәҭақәа шьҭахьҟа Гәымсҭа аӡиасҟа ихьаҵыр акәхеит. Аԥсны Арбџьармчқәа аӷа уааԥсылеи техникалеи ӷәӷәала ааха ирҭеит.
Ари ажәылараҿы иҭахеит 37-ҩык аԥсуа еибашьцәа, шәҩык инареиҳаны еиуеиԥшым ахәрақәа роуит.