Аҟәа. Ажьырныҳәамза 1, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы Ашықәс Ҿыц ауха раԥхьа диит аӡӷаб. Аҳҭнықалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Авҭандил Сурманиӡе иахьа ахәыҷы лҭаацәа шә-нызқь мааҭ асертификат ранеишьеит. Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба инапынҵала Авҭандил Сурманиӡе ииз ахәыҷы лан Оксана Ҵәыџьба-Адлеиба шә-нызқь мааҭ асертификат лнапы иаиркит.
26-шықәса зхыҵуа Оксана лзы ари аҩбатәи хшаароуп. Лыԥҳа еиҳабы Камила шықәсыки бжаки роуп илхыҵуа. Ҿыц ииз аԥшқа лҭаацәа Амина ҳәа лыхьӡырҵарц рыӡбеит.
Авҭандил Сурманиӡе акыр хра злоу аус знапы алаку аҳақьымцәа рџьабаа азгәеиҭеит. Ахыҷышьҭыхҩы-агинеколог Асида Бигәаа лажәақәа рыла, ахәыҷы диит 02 сааҭи 26 минуҭи рзы. Ахәыҷы лыкапан 2,75 кьыла рҟынӡа инаӡоит, уи лоура - 49 см. ыҟоуп.
Аҳақьымцәа ражәақәа рыла, 2023 шықәсазы зынӡа Аҟәа ақалақь аҿы иит 235 - ҩык ахәыҷқәа.