АЖӘАБЖЬҚӘА

29.Ԥхынҷкәын.2023

Ашәахтәеизгаҩцәеи аҳазалхыҩцәеи абиуџьет ахь иазԥхьагәаҭаз алагалақәа рыплан инацҵаны инарыгӡеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрреи Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилаки 2023 шықәсазы ахашәалахәқәа рзы аҳасабырба ҟарҵеит.

Ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра адыррақәа рыла, ԥхынҷкәынмза 27 рзы, ашәахтәқәа ралагалара аплан  119 % рыла инагӡан, уи аицҵалыҵ  5 млрд. 126 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Убри аан иазԥхьагәаҭаз арбагақәа реицҵалыҵ  4 млрд. 318 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡон. Аминистрцәа Реилазаара аилатәара аҿы абри азы адырра ҟаиҵеит ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр Михаил Габелиа.

Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы ахантәаҩы Оҭар Хьециа ԥхынҷкәынмза   29 рзы ашықәстәи аплан  807 млн. мааҭ рыла инацҵаны инагӡоуп ҳәа адырра ҟаиҵеит. Убас, 2023 шықәсазы аҳазалхратә лагалақәа рхышәа-ҵышәа 3,6 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡеит, даҽакала иуҳәозар 128 %.

«Сынтәа аплан 2 млрд. 800 млн. мааҭ рыла ишьақәгылан, 2024 шықәсазы - 3,5 млрд мааҭ», – ҳәа иҳәеит Оҭар Хьециа.


Read 199 times - Ахаша, 03 Ажьырныҳәа 2024 10:35
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.