АЖӘАБЖЬҚӘА

29.Ԥхынҷкәын.2023

Ахықәкытә программа «2024 шықәсазы ақыҭанхаҩа аҿиара» 50 млн. мааҭ рыла еиҳахоит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аминистрцәа Реилазаара анапхгаратә аамҭа кьаҿ иҭагӡахо ахықәкытә программа  «2024 шықәсазы ақыҭанхамҩа аҿиаа» шьақәнарӷәӷәеит.

Убас ала, 2024 шықәсазы апрограмма анагӡара азы Ареспубликатә биуџьет аҟынтәи 150 миллион мааҭ азоужьра азԥхьагәаҭоуп. 2023 шықәсазы ари апрограмма афинансыркра 100 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡон.

Аԥаратә хархәагақәа дәықәҵахоит абарҭ ахырхарҭақәа рыла:

- аҵиааӡара, шықәсыктәии шықәсырацәатәи аҵиаақәеи аҟәыҟәбаақәеи иаарту адгьыл аҿы реиҭаҳара;

- арахәааӡара аҿиара;

- аԥсыӡкра аусхкы аҿиара;

- аҵиаақәеи ақыҭанхамҩатә аалыҵқәеи аԥхасҭа зырҿио ахәаҷамаҷақәеи аҵиаатә чымазаақәеи рацәыхьчара, иара убас ақыҭанхамҩатә культурақәа  рыхьчара азы аусурақәа рымҩаԥгара, ақыҭанхамҩатә аалыҵ  аҭыжьреи аус адулареи  рзы аҭыжьра-техникатә база  аԥҵареи арҿиареи;

- ақыҭанхамҩатә техника аахәара (атракторқәа, амотоблокқәа, атехника иадыкнарҳауа амаругақәа, уҳәа убас иҵегьы);

- зхатәы ацхыраагӡатә қыҭанхамҩатә наплакы змоу, хазы игоу акатегориақәа ирыҵанакуа ақыҭауаа (І, II агәыԥқәа ирыҵанакуа аинвалидцәа, Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа, ахәыҷырацәа змоу аҭаацәа) ацхыраара рыҭара (амеханизациатә амхыцәаӷәаратә усурақәа рзымҩаԥгарала, имаҷу амеханизациа ахархәагақәа (абензинлархыгақәа, аҭәархыгақәа, абензинлахәархьқәа, ашәыратә ақәырԥыҟҟагақәа, уҳәа рзаахәарала), иара убас хазы игоу акатегориақәа ирыҵанакуа ақыҭауаа аԥсабаратә рыцҳарақәа рыхҟьаԥҟьақәа рықәгараан ацхыраара рыҭара;

- ақыҭанхамҩатә культурақәа аԥхасҭа зырҿио ахаҷамаҷақәеи аҵиаатә чымазарақәеи рацәыхьчара иазкны аусурақәа рынагӡара.

 


Read 137 times - Ахаша, 03 Ажьырныҳәа 2024 10:20
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.