АЖӘАБЖЬҚӘА

29.Ԥхынҷкәын.2023

Аҳәынҭқарратә абылрацәыхьчаратә хылаԥшра аусзуҩцәа апиротехника аҭирҭақәа ргәаҭара мҩаԥыргоит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Иааиуа ашықәсҿыцтәи аныҳәақәа инарымаданы, апиротехникатә аалыҵқәа реикәыршара, рыҵәахра, рыларҵәара, рхархәара, уҳәа аусхкқәа рҿы азинеилагарақәа рыԥхьырҟәҟәаара азы ауааԥсыра ргәырҽанҵара иазкны Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аҳәынҭқарратә абылрацәыхьчаратә хылаԥшра Аҟәа ақалақь аҿы апиротехника ахьырҭиуа аобиектқәа ргәаҭарақәа мҩаԥнагоит.  

Агәаҭарақәа мҩаԥысуеит Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу аобиектқәа рҿы, аџьармыкьа хада, аҵакырагьы уахь иналаҵаны, ҳәа адырра ҟанаҵоит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.

Аҳәынҭқарратә абылрацәыхьчаратә Хылаԥшра апиротехника ахьырҭиуа аобиектқәа аплан ахыхьтәи агаҭарақәа мҩаԥнагалоит ҳәа адырра ҟанаҵоит.


Read 336 times - Ашәахьа, 01 Ажьырныҳәа 2024 16:05
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.