АЖӘАБЖЬҚӘА

29.Ԥхынҷкәын.2023

Аԥсны Абанк адәныҟатәи аудит мҩаԥнагалоит Зҭакԥхықәра ҳәаақәҵоу Аилазаара «ФБК».

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Апарламент «Ареспублика Аԥсны Амилаҭтә Банк адәныҟатәи аудит амҩаԥгара аиҿкааразы» Ақәҵара рыдыркылеит.

Апарламент Аԥсны абанк адәныҟатәи аудит амҩаԥгаразы иалнахит аудиттә еиҿкаара Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «ФБК». Уи 30 шықәса иреиҳаны аудит-консалдингтә џьармыкьа аҿы аус ауеит. ЗҲәА «ФБК» Аԥсны Абанк аҿы аусура аԥышәа амоуп.  Аилазаара Аԥсны Абанк 2011, 2012, 2014, 2017, 2019 шш. рзы афинанстә ҳасабырбара  аудит мҩаԥнагон.  Аилазаара «ФБК» иарбоу аусхкы аҿы аԥышәа бзиа змоу аспециалистцәа еиднакылоит.

Аилазаара имҩаԥнаго амаҵзурақәа рыхәԥса – 1 млн 800 нызықь мааҭ. (ашәҟәынҵатә харџьқәа уахь иналаҵаны).   

 


Read 246 times - Ашәахьа, 01 Ажьырныҳәа 2024 15:52
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.