АЖӘАБЖЬҚӘА

27.Ԥхынҷкәын.2023

Амедиагәыԥ «Аԥснымедиа» акциа «Ашанаҵла» ахы аланархәит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Амедиагәыԥ «Аԥснымедиа» афонд «Кьараз» еиҿнакааз агәыҳалалратә акциа «Ашанаҵла» ахы аланархәит.

Сынтәа акциа «Ашанаҵла»  рхы аладырхәит амедиагәыԥ «Аԥснымедиа» аредакциақәа хԥа: агазеҭ «Республика Абхазия», агазеҭ  «Аԥсны», иара убас аинформациатә Маҵзура «Аԥсныпресс». Арҭ аредакциақәа русзуҩцәа ԥшьҩык ахәыҷқәа ргәазыҳәарақәа нарыгӡеит, урҭ ԥхынҷкәынмза 26 азы афонд «Кьиараз» ахь инарышьҭит иҭелдатәу алымҳахаҵақәа, аҽырхиагаҭра, акьанџьа зҭоу акәырџьыжь, иара убас аспорттә шәҵатәқәа (аспорттә костиум).  

Акциа «Ашанаҵла» абар шьҭа ҩышықәса инеиԥынкыланы имҩаԥыргоит. Аплатформа «Гәыма» аҿы ԥхынҷкәынмза 13 рзы ишьақәдыргылеит ақьадрҽны иалху аԥҟақәа-оригами ала ирхиоу аԥсаӡҵла. Урҭ зегьы рыцыԥхьаӡа агәыҳалалратә фонд «Ашана», мамзаргьы «Кьиараз» ахылаԥшра аҵаҟа иҟоу ахәыҷқәа ргәазыҳәарақәа анын. Изҭаху зегьы ӷәӷәала ичмазаҩу ахәыҷқәеи зматериалтә ҭагылазаашьа уадаҩу аҭаацәа ирылҵыз ахәыҷқәеи Аҵаа Бабаду ихьӡала ирыҩыз асаламшәҟәы ганы уа иану агәазыҳара нарыгӡар рылшон.  


Read 242 times - Аԥшьаша, 28 Ԥхынҷкәын 2023 23:15
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.