АЖӘАБЖЬҚӘА

27.Ԥхынҷкәын.2023

1500 инареиҳаны аҳамҭатә сертификатқәа рзыршеит Аҟәа ақалақь аҿы инхо аҭаацәарацәа иалҵыз ахәыҷқәа.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ахақәиҭра Ашҭаҿы ашықәсҿыцтәи аныҳәатә џьармыкьа аиҿкаара иалаху хазхаҭалатәи анаплакыҩцәа рҟынтәи 1500 инареиҳаны аҳамҭатә сертификатқәа рзыршеит Аҟәа ақалақь аҿы инхо аҭаацәарацәа  иалҵыз  ахәыҷқәа, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь Ахадара апресс-маҵзура.  

Аҟәа ақалақь Ахадара  аекономикеи атранспорти Рдепартамент адиректор Авҭандил Џьынџьал ишиҳәаз ала, зыхәԥсаҵәҟьа 300 мааҭ рҟынӡа инаӡо аҳамҭатә сертификатқәа рыла ахәыҷқәа аԥсаӡҵла хада азааигәара аус зуа аныҳәатә џьармыкьа апавилионқәа рҿы ирҭаху аалыҵ хәыда-ԥсада иргар рылшоит, иара убас ахәмарратә аппаратқәа рҿы ихәмарыр ҟалоит.  

«Ҳара Аҟәа ақалақь Ахадара «Аџьатәи асоциалтәи атәанчахәқәеи аԥаратә цхыраагӡатәқәеи егьырҭ ашәатәқәеи ршәара азы Аԥхьаӡаратә Центр» ахь  1174 цыра аҳамҭатә сертифиатқәа рыхәԥса дәықәаҳҵеит. Аспециалистцәа урҭ аҳҭнықалақь Ахадара ахылаԥшра аҵаҟа иҟоу рыбжьара еихыршеит. Даҽа 195 цыра аҳамҭатә сертификат ҳара агәыҳалалратә еиҿкаарақәа «Кьараз», «Ашана» рахь идәықәаҳҵеит», - ҳәа еиҭеиҳәеит Авҭандил Џьынџьал.

Аҟәа ақалақь Ахадара «Аџьатәи асоциалтәи атәанчахәқәеи аԥаратә цхыраагӡатәқәеи егьырҭ ашәатәқәеи ршәара азы Аԥхьаӡаратә Центр» аиҳабы Мадина Ҳаразиа, аныҳәатә сертификатқәа рызшара анаҩс, ашықәсҿыцтәи аныҳәақәа рзы еиуеиԥшым акатегориақәа ирыҵанакуа зматериалтә ҭагылазаашьа уадаҩу аҭаацәеи аинвалидцәеи рхыԥхьаӡаратә ԥхьаӡарақәа ирхыԥхьаӡалахеит зныктәи аԥаратә цхыраагӡа ҳәа адырра ҟалҵеит.

«Аҳҭнықалақь Ахадара иарбоу аусмҩаԥгатәқәа рзы иазоунажьит 2 миллионки 582 нызықьи 564 мааҭ.  Зани заби ыҟам, ҳара ҳҿы ашәҟәы иҭагалоу ахәыҷқәа ракәзар, урҭ есышықәса Ашықәс Ҿыц аныҳәа аламҭалазы аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешба  ихатә харџь ала аматериалтә цхыраара риҭоит», - ҳәа илҳәеит Мадина Ҳаразиа.         


Read 255 times - Аԥшьаша, 28 Ԥхынҷкәын 2023 22:02
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.