Абри Аконституциатә Закәан Аиқәшаҳаҭра азинмчы аанкылараан (аденонсациа амҩаԥгараан) Аиқәшаҳаҭра ахәҭаҷқәа 3, 4, 5 иарбоу аобиектқәа, адгьыл хәҭақәа, амшын аӡымҽхак ахԥатәи ахаҿқәа ирыҭахар, усҟан Аиқәшаҳаҭра амчра ацәыӡуеит, Аԥсны Аҳәынҭқарра иазырхынҳәхоит ҳәа иарбоуп.
Ахәҭаҷ 3
Аиқәшаҳаҭра зыбжьоу ганкы, мамзаргьы аганқәа иарбоу Аконституциатә закәан ахәҭаҷ 2 анамыгӡара иахылҿиаар алшоит:
1) «Аԥсны иҟоу аҳәынҭдача «Пицунда» аҵакыраҿы иҟоу аргыларақәа Урыстәыла ахатәразы аҭареи ахархәареи рзы (анаҩс – Аиқәшаҳаҭра), Аԥсны Аҳәынҭқарра Анапхгареи Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгареи ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра азинмчы аанкылара»;
2) «Ажьырныҳәамза 19, 2022 шықәсазы Москва ақалақь аҿы знапаҵыҩра мҩаԥгаз «Аԥсны иҟоу аҳәынҭдача «Пицунда» аҵакыраҿы иҟоу аргыларақәа Урыстәыла ахатәразы аҭареи ахархәареи рзы (анаҩс – Аиқәшаҳаҭра), Аԥсны Аҳәынҭқарра Анапхгареи Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгареи ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра аденонсациа (азинмчы аанкылара);
3) Аиқәшаҳаҭра иарбоу аобиект Аԥсны Аҳәынҭқарра иазырхынҳәхоит;
4) Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны иргылаз ахыбрақәа, аргыларақәа Ареспублика Аԥсны ахатәрахьы иазырхынҳәхоит.
Ахәҭаҷ 4
Абри Аконституциатә закәан аофициалла ианкьыԥхьхалак инаркны азинмчы аиуоит.