АЖӘАБЖЬҚӘА

28.Ԥхынҷкәын.2023

Алхас Кәыҵниеи Михаил Галузини ииасуа ашықәс азы аԥсны-урыстәылатәи аусеицура аихшьаалақәа ҟарҵеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла  иҟоу  Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа Урыстәылатәи  Афедерациа  адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузин диԥылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Москва иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа апресс-маҵзура.

Аганқәа  ииасуа ашықәс азы аԥсны-урыстәылатәи аусеицура аихшьаалақәа ҟарҵеит.  Аҩ-ҳәынҭқаррак рхадацәа иалыркааз ахырхарҭақәа рыла аиҩызара шьаҭас иаманы еиуеиԥшым аусхкқәа рҿы ишьақәгылаз аусеицура шьаҿа-шьаҿалатәи аҿиареи аҳәаақәа рырҭбаареи ахәшьара ҳаракы арҭеит.  

Актуалра злоу аҩганктәи амшхәаԥштә зҵаарақәа рыӡбара амҩаԥысшьа   иалацәажәеит.

Аиқәшәара аԥсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа иақәшәо аиҩызаратәи аилибакааратәи аҟазшьа аманы имҩаԥысит.


Read 339 times - Аԥшьаша, 28 Ԥхынҷкәын 2023 18:22
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.