Жьҭаарамза, 2023 шықәса инаркны Краснодартәи аҳазалхра Ганрацәалатәи Автомашьынатә Аушьҭра-гәаҭаратә Пункт аҳазалхратә ԥыԥшырҭа аҿы агәаҭара иахыжьын 20 нызықь инарзынаԥшуа амандарина. Иара убас, анаплакыҩцәа ииаргоит апаҭырқал (112 тонна), алимон (531 тонна). Зынӡа иааизакны иахьтәи амш азы импорт ҳасабла Аԥснынтәи ииагоуп 21,5 нызықь тонна рҟынӡа ақыҭанхамҩа аалыҵ.
Лассы иԥхасҭахар зылшо аидара аҳазалхратә гәаҭареи ашәҟәҭагалареи аԥыжәаратә ҟазшьа аманы, излауа ала ирласны имҩаԥысуеит. Ҳаамҭа иақәшәо атехникатә хархәагақәа рыҟазаара ихымԥадатәиу аҳазалхратә процедурақәа рымҩаԥгара иазыԥҵәоу аамҭа акырынтә иагнархоит.
Ақыҭанхамҩатә сезон алагара инаркны Краснодартәи аҳазалхра Ганрацәалатәи Автомашьынатә Аушьҭра-гәаҭаратә Пункт аҳазылхратә ԥыԥшырҭа аусзуҩцәа иалагалоу аԥкрақәа рықәымныҟәареи рхатә хархәаразы акушәа иарбаны атауарқәа акоммерциатә партиақәа рыиагара аҽазышәара, иара убас ақыҭанхамҩатә аалыҵ аиагаразы азин узҭо ақьаадқәа раармырԥшра, уҳәа аҳазалхратә закәанԥҵара аԥҟарақәа реилагара иадҳәалоу азинеилагарақәа аадырԥшуеит. Иарбоу афактқәа рыла аԥыԥшырҭа ала ихацыркхеит административтә зинеилагарақәа рзы 100 инарзынаԥшуа аусеилыргарақәа.
Зынӡа ҳазҭоу ақыҭанхамҩатә сезон (жьҭаарамза, 2023 шықәса – хәажәкырамза, 2024 шықәса) иалагӡаны аиагаразы иазԥхьагәаҭоуп 30 нызықь тонн амандарина.