АЖӘАБЖЬҚӘА

29.Абҵара.2023

2023 шықәса алагара инаркны Аԥсны атуризм Аминистрра аусзуҩцәа рыла иаарԥшхеит 36 -ҩык рҟынӡа изакәанымкәа аекскурсиақәа мҩаԥызго ауаа.

Аҟәа. Абҵарамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  2023 шықәса, ажьырныҳәамза инаркны жьҭаарамзанӡа  атуризм Аминистрра аусзуҩцәа атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра, Аекономикатә цәгьоурақәа рҿагылара Аҟәша, Аԥсны аҳәынҭинспекциа, Аԥсны аекскурсиамҩаԥгаҩцәа Рассоциациа алархәны изакәанымкәа аекскурсиақәа мҩаԥызго ауаа раарԥшразы имҩаԥыргоз анҭыҵтәи ареидтә гәаҭаратә усмҩаԥгатәқәа ирылҵшәаны иаарԥшхеит 36-ҩык рҟынӡа изакәанымкәа аекскурсиақәа мҩаԥызго ауаа.  Абри азы Аԥсны атуризм Аминистрра аҿы имҩаԥысыз апресс-конференциа аҿы адырра ҟаиҵеит аминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Барцыц. 

Атуризм Аминистрра ареестр инақәыршәаны ирыҭоу иаку ахкы змоу аекскурсиа амҩаԥгаразы амҩақәҵагақәеи агәышԥытә дыргақәеи (абеиџь ҳәа изышьҭоу) рымазаара азы агәаҭарақәа Афонҿыцтәи аберҭыԥ, Риҵатәи ареликтә-милаҭтә парк аҭаларҭа азааигәара, Аҟәатәи аботаникатә баҳча, ареспубликатә трасса иахьаҵанакуа Аҳәынҭқарратә автоинспекциа аԥыԥшырҭақәак рҿы имҩаԥган.  

Атуризм аминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Барцыц ари хра злоу лҵшәоуп ҳәа иазгәеиҭеит. «Аԥсны атуризм Аминистрра инеиԥынкыланы ареспублика иахьаҵанакуа аекскурсиатә усура аԥҟарақәа рықәныҟәара азы анҭыҵтәи агәаҭаратә  усмҩаԥгатәқәа мҩаԥнагоит.

Иахьазы изакәанымкәа аус зуа аекскурсиамҩаԥгаҩцәа рзы 36 ԥкаанҵа еиқәыршәоуп. 5-ҩык изакәанымкәа аекскурсиақәа мҩаԥызгоз Аԥсны абиуџьет ашҟа ахараԥса ршәеит.


Read 245 times - Ахаша, 29 Абҵара 2023 15:31
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.