АЖӘАБЖЬҚӘА

28.Абҵара.2023

Ҭемыр Мықәба: ацәыргақәҵа «ЮГАГРО» аҿы ҳара ирацәаны иҿыцу, хра злоу адыррақәа ҳауит.

Аҟәа. Абҵарамза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ақыҭанхамҩеи ақыҭеи рыҿиара Ацентр ахаҭарнакцәа абҵарамза  21-24 рзы Урыстәыла, Краснодар ақалақь аҿы имҩаԥысуаз 29-тәи Жәларбжьаратәи ақыҭанхамҩатә техника, аиқәыршәагақәа, аҵиааӡареи ақыҭанхамҩеи раалыҵ аҭыжьреи аарыхреи аус адулареи рзы аматериалқәа рцәыргақәҵа рхы аладырхәит.

Ацәыргақәҵа рхы аладырхәит адунеи 14-тәыла  рҟынтәи  600 еилазаара инареиҳаны. Аусмҩаԥгатә алахәылацәа Агроааглыхратә комплекс (АПК) аҿы иҿыцу ацәырҵрақәа ԥшь–ҟәшакны еихшаны рыдгалара мҩаԥыргоит: ақыҭанхамҩатә техникеи уи аԥсахга хәҭақәеи, агрохимиатә аалыҵи  ажәлақәеи, ақыҭанхамҩатә аалыҵ аҵәахреи аус адулареи рзы аиқәыршәагақәеи амаругақәеи, иара убас аӡақәаҭәареи арԥхагақәеи рзы амаругақәа.

Ацентр аспециалист Ҭемыр Мықәба ацәыргақәа алахәхара атәы еиҭеиҳәеит: 

«Ҳара абар шьҭа хынтәуп ацәыргақәҵа ҳаҭаауеижьҭеи, есымша иҿыцу, хра злоу адыррақәа ҳауеит. Ақыҭанхамҩа аусхкы активла аҿиара иаҿуп, есышықәса атехнологиақәа рҿыцхоит, еиӷьыртәует. Иаагозар, ақыҭанхамҩатә дронқәа иахьа ҳара иҳамоу раасҭа акыр еиӷьуп, еиҳа ирҿыцуп. Рыцҳарас иҟалаз, ҳара иарбоу аусхкы аҿы ҳаҿиара активла изымҩаԥысӡом, убри аҟнытә ас еиԥш иҟоу ацәыргақәҵақәа рылахәхара акыр хра аланы иҟоуп, ҳара иаабоит иарбан хырхарҭоу иалхтәу». 

Ҭемыр Мықәба иара убас  Ацәыргақәҵа аҿы аимадарақәа ҿыцқәа рыбжьаҵареи уаанӡа и  ҟаз рырӷәӷәареи шзалыршахаз азгәеиҭеит. Аиҭаҳатәқәа зааӡо анаплакқәа рхаҭарнакцәа ҳрабадырит, ҳрыҿцәажәеит. Урҭ ирааӡо аиҭаҳатәқәа, анаҩс дара Аԥсны ишанаало, ишазҳауа аилкааразы ақыҭанхамҩеи ақыҭеи рыҿиара Ацентр Аексперименталтә плошьадка ахь аагара азԥхьагәаҭоуп.   

Ацәыргақәҵа «ЮГАГРО» —  Урыстәыла иахьаҵанакуа зегьы реиҳа идуу ақыҭанхамҩатә техника, аиқәыршәагақәа, аҵиааӡареи ақыҭанхамҩеи раалыҵ аҭыжьреи аарыхреи аус адулареи рзы аматериалқәа рцәыргақәҵа ауп.


Read 251 times - Аҩаша, 28 Абҵара 2023 22:43
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.