АЖӘАБЖЬҚӘА

28.Абҵара.2023

Гагра араион аҿы аӡхагаларатә агрегатқәак ԥсахтәхоит.

Аҟәа. Абҵарамза  28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра, Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч», Аҟәа ақалақь Ахадара, Гагра араион Ахадара анапхгараҭара ахаҭарнакцәа  алархәны, абҵарамза 26 – 27 ауха Аԥсны, Амшын Еиқәа аԥшаҳәа аҿы иҟалаз амшцәгьа ахҟьа-ԥҟьақәа рықәгара иадҳәалоу азҵаарақәа дрылацәажәеит.

Быжь балк рҟынӡа инаӡоз ацәқәырԥеисра аԥшаҳәа иаҵанакуа аинфраструктуреи ахатәы ҩнқәеи ӷәӷәала ааха анаҭеит. Аӡы рыҵалеит атрансформатортә станцеиҵақәеи аӡхагаларатә станциақәеи, иара убас Гагра ақалақь еиԥш Пицунда ақалақьи Алаҳаӡы ақыҭеи аӡрыжәтә, афымцалашара, уҳәа рыла реиқәыршәара  асистема аиԥҟьарақәа аиуит.  

Гагра араион акоммуналтә маҵзурақәа Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра  аҟәшеиҵақәеи Аунитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамчи» русзуҩцәа еицхырааны амшынтә цәырҵра бааԥсы ахҟьаԥҟьақәа рыхәҭак ықәыргеит.  Афымцалашарала аиқәыршәара аиҭашьақәыргылара иазку аусурақәа рынагӡара   хаҭала ахылаԥшра арҭон  «Амшынеиқәафымцамч» анапхгараҭара ахаҭарнакцәа Ҭенгиз Гирџьынбеи Рамин Зингишвилии.

Гагра араионтә фымцатә Станциа аиҳабы Аслан Аиба иҟаиҵаз адыррақәа рыла, Гагра ақалақь фымцалашарала аиқәыршәара маҷк ада еиҭашьақәыргылоуп,  мацара иаанханы иҟоу аҩнеихагылақәа ҩба заҵәык роуп. Арҭ аҩнқәа рыгәраҵақәа аӡы ахьрыҵалаз иахҟьаны фымцалашарада иаанханы иҟоуп. «Афымцалашарала аиқәыршәара аиҭашьақәыргылара иазку аусурақәа  ирылагоит аӡы анцалак ашьҭахь», - ҳәа иазгәеиҭеит иара.

Гагра араион анапхгара иҟанаҵо адыррақәа рыла, аӡхагаларатә агрегатқәак ԥсахтәхоит.

Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба иҟаиҵаз адыррақәа рыла, иҟалаз аԥсабаратә цәырҵра бааԥсы иахҟьаны хәҭакахьала Аҟәа ақалақь, «Алашарбага» аҳабла аҿы ахатәы ҩнқәак ааха роуит.

Алеқсандр Анқәаб амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа рықәгара иалаху ахылаԥшырҭақәа рнапхгаҩцәеи аҭыԥантәи амчра аусбарҭақәеи аусурақәа рымҩаԥысшьа азы адыррақәа рыҟаҵара азы анапынҵақәа риҭеит.


Read 188 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.