АЖӘАБЖЬҚӘА

25.Абҵара.2023

Дырмит Гәлиа диижьҭеи 150-шықәса аҵреи агазеҭ «Аԥсны» аҭыҵра 105-шықәса ахыҵреи азгәаҭаразы аҳәынҭқарратә комиссиа аԥҵоуп.

Аҟәа. Абҵарамза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада Идҵа инақәыршәаны, Аԥсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса аҵреи раԥхьатәи аԥсуа газеҭ «Аԥсны» 105 шықәса ахыҵреи азгәаҭаразы аҳәынҭқарратә комиссиа аԥҵоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.  

Акомиссиа напхгара аиҭоит атәыла Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба.

Адҵа инақәыршәаны, 2024 шықәса ажьырныҳәамза 25-нӡа аиубилеи азгәаҭаразы аусмҩаԥгатәқәа рыплан еиқәыршәатәуп.

 

 

 


Read 163 times - Аҩаша, 28 Абҵара 2023 04:30
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.