АЖӘАБЖЬҚӘА

25.Абҵара.2023

Аҳәынҭқарратә дача амазара гәҭакыла аԥхаҭатәра азы аусеилыргара хацыркуп.

Аҟәа. Абҵарамза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Абҵарамза 21 ауха аҳәынҭқарратә дача «Афон Ҿыц» амазара гәҭакыла аԥхасҭа аҭаа азы ауеилыгара хацыркуп. Гәдоуҭа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Рыҟәша заанаҵтәи аусеилыргара аусбарҭа аусзуҩцәа ашаҳаҭцәеи ахҭыгәлаҩцәеи рҿахәы рҿырхуеит. Ацәгьара зуз ҳәа зыгәҩара рымоу ҳәа аӡәгьы даанкылаӡам, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.  

Абҵарамза 21 ауха  гәыԥҩык макьаназы зхаҭара шьақәыргылам ауааԥсыра аҳәынҭқарратә дача «Афон ҿыц» аҵакырахь ижәылан инеит, урҭ агәараанда аихабитон ахыцқәа 15 еимыхны ахыбра иакәшеит.  Уи аҩыза ахымҩаԥгашьа зыхҟьаз аиҳабыра ари аҳәынҭқарратә дача рҭиуашәа ацәажәарақәа рылаҵәара ауп. Ԥыҭрак ашьҭахь урҭ еимпит.

Иазгәаҭоуп, Аҳәынҭқарратә дачақәа рнапхгараҭара иааизакны иаиуз ааха 700 000 мааҭ рҟынӡа инаӡоит

 

 


Read 114 times - Аҩаша, 28 Абҵара 2023 04:17
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.