АЖӘАБЖЬҚӘА

25.Абҵара.2023

Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩ Аԥсны анаркотикатә маҭәашьарқәа рыларҵәаразы 15 шықәса аҭакрала ахгара иқәҵоуп.

Аҟәа. Абҵарамза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Абҵарамза 21, 2023 шықәсазы Аҟәатәи ақалақьтә Ӡбарҭа Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 224, ахәҭа 3, апункт «в» иазԥхьагәанаҭо ашьаус еилырганы, Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩ, 1975 шықәсазы ииз Козиев Борис Виктор-иԥа иганахьала  ахарадҵатә зыӡба аднакылеит, - ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны апрокуратура Хада аофициалтә саит.

Заанаҵтәи аусеилыргара аусбарҭа ала Борис Козиев зыкапан 16,531 грамм рҟынӡа инаӡо анаркотикатә маҭәашьар  «метадон»  анаҩс аҭиразы агәҭакы иманы, изакәанымкәа аахәара, аҵәахра, аиагара азы дыгәҩаран, ахарагьы  идҵан.

Борис Козиев  иарбоу ацәгьоура аҿы ахара идуп ҳәа дыԥхьаӡоуп. Уи ахьырхәра аҳасабала изалхуп  ирӷәӷәоу арежим змоу ариашаратә колониа аҿы ҭакрала 15 шықәса ахгара. Убри аан иара аҳәынҭқарра ахашәалахәы ахь 600 000 нызықь мааҭ иршәахоит.  

 

 

 


Read 156 times - Аҩаша, 28 Абҵара 2023 03:41
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.