АЖӘАБЖЬҚӘА

25.Абҵара.2023

Аԥсны адыррақәа аус рыдуларазы Амилаҭтә Центр аԥҵахоит.

Аҟәа. Абҵарамза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иаԥҵахоит адыррақәа аус рыдуларазы Амилаҭтә Центр.

Аимадареи амассатә коммуникациақәеи ацифратә ҿиареи рзы Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Зураб Џьынџьал «Аԥсныпресс» акорреспондент диҿцәажәо адыррақәа аус рыдуларазы иаку амилаҭтә Центр аԥҵара атәы далацәажәеит.   Иара ишазгәеиҭаз ала, ари хышықәса рыҩныҵҟа еиқәыршәаз аҳәынҭқарратә программа ауп. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны аинформациатә ресурсқәа зегьы еидкылахоит.  Иара 2021 шықәсазы атәыла аминистрцәа Реилазаара аҿы ишьақәырӷәӷәан, аха анагӡара иалагеит 2022 шықәсазы.

«Иаԥҵахоит иҿыцу ацифратә компетенциақәа реиҿкаара азы иҿыцу аструктура. Зынӡа иҿыцӡоу ашаблонқәа, атәылатә иницитивақәа рыҿиара азы иҿыцу апарадигмақәа аԥызҵо аструктура. Аԥсны иахьа ацифратә технологиақәа рыда хәарҭа аманы иҟам. Ҳара ҳаамҭазтәи атехнологиақәеи аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аструктура ашьақәгылареи анапхгараҭареи ахылаԥшра аҭареи, уҳәа рганахьала иарбоу атехнологиақәа рхархәара иадҳәаланы иҳамоу аҵыхәтәантәи аихьӡарақәеи радыԥхьаларада  реалла ареформақәа ҳзымҩаԥгаӡом», – ҳәа иҳәеит Зураб Џьынџьал.

Аимадареи амассатә коммуникациақәеи ацифратә ҿиареи рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ҳазҭоу 2023 шықәса нҵәаанӡа  атәыла ацифратә ҿиара аконцепциа аиқәыршәара азԥхьагәаҭаны иамоуп.  Уи аекспертцәа ианҭырҵаалак ашьҭахь, Аԥсны анапхгара ахь ашьақәырӷәӷәаразы идәықәҵахоит.

Зураб Џьынџьал игәаанагарала, иарбоу аусхкы аҿы астратегиатә планҟаҵара азы аусшәҟәы аҟамзаара атәыла азы хра аманы иҟаӡам.  Аԥсны имаҷӡам ареспублика ацифратә информациатә ҵакыра аԥҵара ахь ааԥхьара зҭатәу ауаа.  

«Иазгәасҭарц сҭахуп уи зыӡбахә сымоу аҿар еиԥш абжьаратәи абиԥара ахаҭарнакцәагьы  шраку. Урҭ зегьы ҳнаукатә кадрқәа роуп, аҭыԥантәи азанааҭтә математикатә кадрқәа, уи  IT ҳәа изышьҭоу аусхкы аҿы иҿыцу асециалистцәа роуп», – ҳәа иазгәеиҭеит Зураб Џьынџьал.

Иара игәаанагарала, Аԥсны ацифратә ҿиара ихадоу аконцепциақәа ируаку адыррақәа аус рыдулара Ацентр абазала амилаҭтә кадрқәа раԥҵара ауп. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет абазала аинформациатә технологиақәа рзы иҿыцу акафедра аԥҵахоит.  ААУ аҿы астудентцәа аҵара ддырҵалоит аҭыԥантәи аспециалистцәа реиԥш Урыстәылантәи ааԥхьара зауз аспециалистцәагьы.

Аԥсны акыр шықәса раахыс қәҿиарала аус руеит ателекоммуникациатә Еилазаарақәа «Аҟәафон» (www.aquafon.com),  «А-Мобаил» (www.a-mobil.biz). Урҭ доусы русбарҭақәа рҿы зхаҭабзиара ҳараку акадртә потенциал дырҳаит.  Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп иара убас аилазаара «Система» ( https://www.cyxym.net/)

IT аусхкы аганахьала аҭыԥантәи акадрқәа разыҟаҵара азы қәҿиарала имҩаԥгаз проектны иҟоуп иара убас анапхгаратә еимадаразы Агентрагьы.  

Ари аҳәынҭқарратә структура хра злоу иԥхьагылоу аԥышәа арҳаит. «Даараӡа ишьахуп IT аусхкы аҿы Аԥсны  аҩныҵҟатәи аконкуренциа ахьыҟоу», – ҳәа иажәа хыркәшо инаҵшьны иазгәеиҭеит аинформациатә Маҵзура аҿцәажәаҩ.


Read 128 times - Аҩаша, 28 Абҵара 2023 03:23
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.