АЖӘАБЖЬҚӘА

21.Абҵара.2023

Гәдоуҭа ақалақь аҿы ауадарацәа змоу аҩны амца акит.

Аҟәа. Абҵарамза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Гәдоуҭа ақалақь, Оҭырба имҩала игылоу аҩны амца шакыз азы адырра ареспублика Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра ахь иҟалеит асааҭ 15:35 рзы.

Амца дырцәон Гәдоуҭеи Афон Ҿыци рҟынтәи амцарцәара-еиқәырхаратә бригадақәа хԥа, - ҳәа адырра ҟанаҵоит Ахылаԥшырҭа апресс-маҵзура.

Амцарцәаҩцәа аҭыҵ аҿы ианнеи аамҭазы аҩны ӷәӷәала амца амҽханакхьан.

Иҟалаз абылра иахҟьаны аҩны ахәҭак блит. Аӡәгьы ааха имоуӡеит.


Read 147 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.