АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Абҵара.2023

Аԥснытәи аделегациа Анапа ақалақь аҿы Амҩаҿы аныҟәара аинспектор ҿарацәа XVIII Жәларбжьаратәи реиԥылара ахы аланархәуеит.

Аҟәа. Абҵарамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Анапа ақалақь аҿы, Урыстәылазегьтәи ахәыҷтәы Центр «Смена» аҿы «имҩаԥысуеит XVIII Жәларбжьаратәи Амҩаҿы аныҟәара аинспектор ҿарацәа реиԥылара, уи раԥхьаӡа акәны ахы аланархәуеит Аԥснытәи аделегациа.

Ҳара ҳкоманда ахьӡала аделегациа аилазаара иалоуп Б. У. Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи ашол N1 аҵаҩцәа. Ашколхәыҷқәа ирыцуп Аԥсны аҵара Аминистрра азеиԥши азанааҭдырратә ҵарадырра Аҟәша аспециалист  Гәында Кәыҵниа, иара убас Аԥсны амилициа акаԥдан, Амҩа-ԥыԥшырҭатә Маҵзура аинспектор Аслан Цамбов.

Аинспектор ҿарацәа Жәларбжьаратәи реиԥылара  – ари амҩақәа рҿы аныҟәара ашәарҭадара апропагандеи аныҟәара аинспектор ҿарацәа Ротриад апопулиаризациеи рзы есышықәса Урыстәыла  имҩаԥгахо аусмҩаԥгатә ауп.

Сынтәа Аинспектор ҿарацәа Жәларбжьаратәи реиԥылара мҩаԥысуеит абҵарамза 4 – 17 рзы Краснодартәи атәылаҿацә ақалақь-курорт Анапа аҿы.  Урыстәылазегьтәи ахәыҷтәы центр «Смена» ахатәы плошьадка аҿы еиднакылеит Урыстәыла 34 региони ааигәатәи аҳәаанырцә атәылақәеи – Белорусиеи Аԥсни рҟынтәи 160-ҩык инарзынаԥшуа Амҩаҿы аныҟәара аинспектор Ҿарацәа реиҿкаара ахаҭарнацәа.  

Абҵарамза 4 рзы  Урыстәылазегьтәи ахәыҷтәы Центр «Смена» аҿы имҩаԥысит аусмҩаԥгатә аартра иазку аныҳәатә церемониа. Ҳаҭыр зқәу асасцәа раҳасабала ари аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Урыстәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Амҩатә ныҟәара ашәарҭадара аиҿкааразы  Аусбарҭа Хада (ГУОБДД) анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Олег Понарин, Амҩаҿы аныҟәара ашәарҭадара апропаганда азы Урыстәылазегьтәи ауаажәларратә ахәыҷтәы-қәыԥштә еиҿкаара «Амҩаҿы аныҟәара аинспектор ҿарацәа» (ООДЮО «ЮИД») ахантәаҩы Валентина Кульбицкаиа.

Ари аусмҩаԥгатә иалаху рзы еиҿкаауп ганрацәалатәи атематикатә программа, ахәҭакахьала, арҿиаратә мастер-классқәа, Амҩаҿы аныҟәара Аԥҟарақәа рдырра азы аинтеллектуалтә викторинақәеи аконкурсқәеи. Ҩымчыбжь рыла ахәыҷқәа арккаратә проектқәа аус рыдырулалоит. Убри анаҩс,  алахәылацәа апропагандит қәыԥш ишкол иахыыр алшоит, еиуеиԥшым ахықәызааратә программақәа рылахәхаразы алшара рзаԥҵахоит. 

Ҳазҭоу ашықәс жьҭаарамза алагамҭазы Аԥсны аҵара Аминистрреи «Амҩаҿы аныҟәара аинспектор ҿарацәа» ҳәа изышьҭоу Амҩаҿы аныҟәара ашәарҭадара апропаганда азы Урыстәылазегьтәи ауаажәларратә ахәыҷтәы-қәыԥштә еиҿкаареи рыбжьара Аԥснытәи  амҩақәа рҿы аныҟәара ашәарҭадара апропаганда азы аҵарадырратә проектқәа  реицынагӡареи амҩаҿы аныҟәара аинспектор Ҿарацәа Реиҿкаара Аԥсны  апопулиаризациеи рзы аусеицура азы аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра мҩаԥысит.


Read 214 times - Аԥшьаша, 09 Абҵара 2023 21:27
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.