АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Абҵара.2023

Аԥсны Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Азанҭа ақыҭа иахьаҵанакуа бџьарла еибыҭоу агәыԥ рыԥшаара ишацҵахо азы адырра ҟаиҵеит.

Аҟәа. Абҵарамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны азинхьчаратә структурақәа  Гәылрыԥшь араион ашьха иаԥну аҵакыра аҿы зхаҭара шьақәыргылам бџьарла еибыҭоу ауаа рыԥшаара иазку еидгыланы аусура мҩаԥыргоит. Абри азы аинформациатә Агентра «ТАСС» адырра аиҭеит Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ  Сергеи Шамба.

«Азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа аԥшаара ирыцырҵоит, агәыԥқәа аҭыԥ ахь идәықәҵоуп, аҭагылазаашьа ахылаԥшра аҭоуп. Атәыла ашәарҭадара азҵаарақәа рыӡбара иазку амчрақәа рыбжьара еиқәшаҳаҭны еиҿкаау аусура мҩаԥысуеит. Аԥсны Арбџьармчқәа абжьааԥнытәи арежим ала рмаҵзура нарыгӡоит, убри аан иарбоу ахҭыс аан иахәҭоу ауснагӡатәқәа нарыгӡоит», – ҳәа иҳәеит Сергеи Шамба.

Ахәылбыҽха, абҵарамза 8 рзы, аҭыԥантәи ашәарыцаҩцәа Гәылрыԥшь араион Азанҭа ақыҭа иахьаҵанакуа бџьарла еибыҭаз ауаа ргәыԥ рылаԥш ишыҵашәаз азы адырра ҟалеит.  


Read 176 times - Аԥшьаша, 09 Абҵара 2023 21:25
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.