Бадра Гәынба асасцәа рааразы иҭабуп ҳәа раҳәо иазгәеиҭеит: «Аԥсны – ари шәаргьы шәыԥсадгьыл ауп, ахаангьы ишәхамышҭуа, шәгәы иҵхо, есымша ишәылшо ала зыцхыраара шәазхьоу ҳәынҭқарраны иҟоуп. Абазаа аӡәырҩы – аԥсуа қыҭа Ԥсҳәы иалҵыз роуп, урҭи ҳареи ишиашоу шьала-дала ҳаимадоуп».
Аиԥылара ахыркәшамҭаз Бадра Гәынба асасцәа агәаларшәагатә ҳамҭақәа ранеишьеит.
Источник: https://www.apsnypress.info/ru/home/novosti/item/7921-badra-gunba-vstretilsya-s-abazinskimi-obshchestvennymi-deyatelyami.
© АПСНЫПРЕСС.