- ааԥхьара заузи урҭ рҭаацәареи арратә ҭакԥхықәреи арратә маҵзуреи рзы азакәанԥҵара иарбоу аԥҟарақәа реилыркаара;
- азакәанԥҵара аилагара иадҳәалоу афактқәа аԥхьаҟа рыԥхьырҟәҟаареи рырҽеиреи рзы зыԥшра ҟамҵакәа уи иадҳәаланы иаарԥшыз афактқәа разхьаԥшра;
- азакәан аилагара, арратә комиссариатқәеи ааԥхьаратә комиссиақәеи рмаҵурауаа рмаҵуратә мчра цәгьашақә ахархәара, иадҳәаланы аинформациа аиуреи аизакреи, анаҩс ишьақәыргылаз афактқәа рыла агәаҭарақәа реиҿкаареи рымҩаԥгареи алыршара.
Ааԥхьара азҵаарақәа рыла ауааԥсыра рыдкылара мҩаԥысуеит аусуратә мшқәа рыла абарҭ аҭыӡҭыԥқәа рыла: ақ. Гагра, Абазгаа рымҩа, Б. Кехьыр-иԥа ихьӡ зху атехникум, (аҭел.: 997-66-67); ақ. Гәдоуҭа, Афырхацәа Рыпроспект аҩнеихагыла № 62, (аҭел.: 994-63-15); ақ. Аҟәа, Беигәа имҩа, аҩны №1, (аҭел.: 226-62-26); аҳабла. Гәылрыԥш, Абжьыуаа рымҩа, аҩны № 176, (аҭел.: 935-19-99); ақ. Очамчыра, Дырмит Гәлиа имҩа, аҩны № 200 - А, (аҭел.: 777-11-01); ақ. Ҭҟәарчал, Сосналиев имҩа, аҩны №4, (аҭел.: 993-58-88).