АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Жьҭаара.2023

Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Алада-Урыстәылатәм Апарламенттә Ассоциациа аилатәара ихы алаирхәит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 12, 2023 шықәса. Апсныпресс.  Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа аилатәара ихы алаирхәит.

Аилатәара иалахәыз еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла азакәанԥҵаратә усура азы ргәаанагарақәа рҳәеит, Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа XXXIX Аконференциа (ЮРПА) апленартә еилатәара амшхәаԥштә иалацәажәеит, иара убас аиҿкааратә зҵаарақәа жәпакы ирзааҭгылеит.

 

Алада-Урыстәылатәм парламенттә Ассоциациа Совет (ЮРПА) Ахеилак Ассоциациа аҿы активла, лҵшәабзиала аусуреи апарламентбжьаратәи аимадарақәа рырӷәӷәара аганахьала  рлагала дууи рзы  гәыԥҩык адепутатцәеи Апарламентқәа раппаратқәа русзуҩцәеи  аҳаҭыртә шәҟәқәа ранашьахеит. Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа Ахеилак (ЮРПА) аҟынтәи аҳаҭыртә шәҟәы ианашьахеит иара убас Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Ашот Миносиан.


Read 242 times - Ахәаша, 13 Жьҭаара 2023 14:13
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.