Анаҩс Белаиа аӡиас аԥшаҳәаҟны Аиҩызара абаҟа аҟны Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниеи Башкорҭосҭан Ахада Ради Хабирови Аҟәа Амҳаџьырқәа рымҩаҟнеиԥш аколоннада ашьапы акразы ахаҳә ашьҭаҵара иалахәын.
«Асимволтә ҵакы амоуп хыхь игылоу аурыси абашкир жәлари риашьаратә еиҩызара иазку Абаҟа. Уи ргылан Башкириа Урыстәылатәи аҳәынҭқарра хатәгәаԥхарала алалара аныҟалаз аахыс 400 шықәса аҵра инамаданы.
Аиҩызара ҳабжьазароуп есқьынгьы, ҳаицхыраалароуп, аихьӡарақәа ҳреигәырӷьалароуп. Абас ҳарзыҟоуп ҳара акыр иаҳзаԥсоу ҳашьцәа-аԥсуаа. Аколоннада ԥгара зқәым аиҩызара иадырганы иҟалоит. Иҳаҩсыз ашәышықәса 20-тәи ашықәсқәа рзы Поволжие амлакра аныҟаз, Аԥсны фатәыла ацхыраара ҳзыруит. Аџьынџьтәылатә еибашьра ду анцоз ҳаибашьцәа аӡәырҩы Аԥсны ахәышәтәырҭақәа рыҟны ирхәышәтәуан, 90-тәи ашықәсқәа рзы ҳаргьы, абашкирцәа, аԥсуаа агуманитартә цхыраара раҳҭон. Ҳазгәдуны ҳзыхцәажәаша ҳамоуп. Ҳаҭыр ду ақәаҳҵоит Ареспублика амш азы шәахьаҳҭааз. Аколоннада шықәсык ашьҭахь, жьҭаарамза 11 рзы иааҳартуеит», -иҳәеи Ради Хабиров.
Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит иахьа аҩ-республикак реизааигәахаразы даҽа шьаҿак шыҟарҵаз.
«Гәахәара дула шәреспублика шьахә саҭааит. Уфа даҽа символтә ҭыԥк ҟалоит. Ареспублика амш шәыдысныҳәалар сҭахуп. Даҽа зныкгьы Башкорҭосҭан ажәлар иҭабуп расҳәоит, ҳаргьы есқьынгьы уи ацкы ҟаҳҵалар ҳҭахуп. Анасыԥ, аҭынчра шәзеиӷьасшьоит», - абас ихиркәшеит Ахада иажәа.
Аусмҩаԥгатәқәа ирылахәын Апарламентбжьаратә еимадарақзәеи аџьынџьуаа рымадареи рзы Аԥсны Жәлар Реизара- Апарламент аилак ахантәаҩы Алхас Барцыц, Аҟәа ақ. Администрациа ахада Беслан Ешба.