Аҟәа. Жьҭаарамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Апрокурор Хада Адгәыр Агрба Апарламент ахь азакәанԥҵаратә аԥшьгара аҳасабала «Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵаратә шәҟәынҵақәак аиҭакрақәа ралагалара азы» азакәан апроект наишьҭит.
Зыдгалара мҩаԥгоу апроект ҳаамҭазтәи аҭаххрақәа ирықәымшәо Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкылеи Ашьаусмҩаԥгаратә Закәанеидкылеи иалагалахо аиҭакрақәа ирыдҳәалоуп.
Иара убас, апрокурор Хада Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 124 «ауаҩы дызлаҟам ала ихцәажәара» аредакциа аиҭакрақәа ралагалара азы ажәалагала ҟаиҵеит.
Аҳәынҭқарратә шьақәгылашьа еилазго ацәгьоурақәа, атәылауаа ргәабзиареи рыԥсҭазаареи ашәарҭара аҭаргылара, акоррупциатә зинеилагарақәа, уҳәа ацәгьоурақәа рҿы игәҩароу, мамзаргьы ахара зду ацәгьоуцәа рганахьала аӡбарҭақәа рыла ахьырхәра аҳасабала «аҩнытә баандаҩтәра» алхразы аамҭала ақәиҭымзаара алагалара азы Апарламент адупутатцәа рахь адгалара ҟаҵоуп.