АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Жьҭаара.2023

Аслан Бжьаниа Ареспублика Башкортосҭан Амш азгәаҭара иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ихы рылаирхәраны дыҟоуп.

Аҟәа. Жьҭаарамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа жьҭаарамза 11 рзы Ареспублика Башкортосҭан Амш азгәаҭара иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ихы рылаирхәраны дыҟоуп. 

 

1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҟны Аиааира агара Амш 30-шықәса ахыҵра азгәаҭара иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рылахәхаразы Аԥсныҟа иааз Ареспублика Башкортосҭан Ахада Ради Хабиров аколоннада ахьышьақәыргылоу амшын аԥшаҳәа даҭааит. Усҟан иара Уфа ақалақь аҿы, Ареспублика Амш аҽны , Белаиа аӡиас аԥшаҳәа аҿы аԥсуажәлари башкиртәи ажәлари реиҩызара ахьӡала аиԥш-зеиԥшу аколлонада раԥхьатәи ахаҳә ашьҭаҵара шымҩаԥысуа азы адырра ҟаиҵеит.  Аколоннада аргылара ахыркәшара азԥхьагәаҭоуп шықәкыс иалагӡаны. Завершить строительство колоннады планируется в течение года.    

 


Read 211 times - Ашәахьа, 09 Жьҭаара 2023 13:13
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.