АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Жьҭаара.2023

Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарра ашәарҭадара Ахеилак аилатәара мҩаԥигеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 6., 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ашәарҭадара Ахеилак изаамҭанытәиу аилатәара мҩаԥигеит, ирылацәажәеит адәныҟатәии аҩныҵҟатәии аполитика азҵаарақәа.

Ашәарҭадара Ахеилак аилатәара иалахәын Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб,  Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабы Ашәба Лаша, Аҳәынҭқарра Ахада  Иусбарҭа аиҳабы Абесалом Кәарҷиа, Ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьопуа, адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут, Аԥсны Аҳәынҭқарратә Ашәарҭадара  Амаҵзура ахантәаҩы Ҭемыр Ахьиба, Аҟәа ақалақь  Администрациа ахада Беслан Ешба.


Read 189 times - Ашәахьа, 09 Жьҭаара 2023 11:40
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.