АЖӘАБЖЬҚӘА

27.Цәыббра.2023

Екатерина Бебиа лархивқәа рҟынтәи афотоцәыргақәҵа «Аибашьра ашықәсҩыра» цәыббрамза 27 рзы ААУ аҿы иаатит.

Аҟәа. Цәыббрамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 27, асааҭ 11:00 рзы, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы иаатит 1992 – 1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш  30-шықәса ахыҵра иазку афотоцәыргақәҵа «Аибашьра ашықәсҩыра».

Араҟа ицәыргақәҵахеит апрофессор, ажурналист Екатерина Бебиа  лархив аҟынтәи  1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџтәылатәи еибашьра иалахәыз Мрагыларатәи Мраҭашәаратәи афронтқәа реибашьцәа рфотосахьақәа. 

Ацәыргақәҵа аартуа, аҟазара афакуьтет адекан Ныгәзар Логәуа иҳәеит: «Иахьа иҷыдоу мшуп. Ҳара иазгәаҳҭоит ҳажәлар рџьынџьтәылатәи еибашьраҿы Аиааира агара Амш 30-шықәса ахыҵра. Ҳара иазгәаҳҭоит ҳтәыла агәеисырҭа Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәра Амш. Аха иара убри аамҭазы ари алахьеиқәра зцу мшуп. Зықьҩыла иреиӷьу ҳҵеицәеи ҳҭыԥҳацәеи рыԥсадгьыл ахьчара рхы ақәырҵеит».  Ҳара зыԥсадгьыл азы зхы зымшаҭыз зегьы ҳгәалашәоит. Иахьатәи афотоцәыргақәҵагьы ари агәалашәара иазкуп».

Ацәыргақәҵаҿы иара убас иқәгылеит Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг, актәи апроректор Роман Дбар, жәларбжьаратәи аимадарақәеи аекономикатә зҵаарақәеи рзы апроректор Максим Ӷәынџьиа.  

Екатерина Бебиа ацәыргақәҵа аартра ахь иааиз зегьы, иара убас ААУ астудентцәеи апроект аспонсорцәеи – амибилтә еимадара Аилазаара «А-Мобаил» иҭабуп ҳәа ралҳәеит иаадырԥшыз ахшыҩзышьҭра азы.


Read 141 times - Аԥшьаша, 28 Цәыббра 2023 17:36
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.