АЖӘАБЖЬҚӘА

25.Цәыббра.2023

Ешыра ақыҭан Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраҿы иҭахаз ақыҭа иалҵыз аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рбаҟа аартра мҩаԥысит.

Аҟәа. Цәыббрамза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа араион Ешыра ақыҭан 1992-1993шш. аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рбаҟа аартра ацеремониа мҩаԥысит.  

Абаҟа аартра иазку ацеремониа рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, атәыла аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьопуа, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа,  аибашьра аветеранцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.

Аусмҩаԥгатә аартуа Аҟәа араион ахада Алхас Ҷыҭанаа иеизаз зегьы иҭабуп ҳәа раҳәо иазгәеиҭеит:

«Ҳара ахаангьы иаҳхашҭраны иҟам ҳфырхацәа, аиааира ҳзаазгаз иреиӷьу ҳҵеицәа. Ҳаибашьцәа гәымшәақәа, иҭахаз ранацәа шҿаԥхьа ҳхырхәоит!» .

Алхас Ҷыҭанаа иара убас адизаинерцәа Наала Ломиаԥҳаи Наала Мирзоиани асахьаҭыхыҩ Рашь Занҭариеи абаҟа аԥҵара зхы алазырхәыз зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы ԥшьҩык зыҷкәынцәа ҭахаз Ешыра ақыҭа ахада Ҭамара Аҩӡба абас лҳәеит:

«Ҳара ари аибашьра хлымӡаах аҿы аиааира агара ҳалзыршаз ҳгәеицамкреи ҳфырхаҵареи роуп.  Ҳара адунеи зегьы идҳарбеит ҳара ҳиааира ус ишымариам. Ҳара Ԥсадгьылк ауп иҳамоу, уаҳа даҽакы ҳаманы иҟам. Уи Анцәа иҳаҭәеишьаз адгьыл ауп. Агәра ганы сыҟоуп, ҳхәыҷқәа, ҳмаҭацәа, уҳәа ес еиҵагыло абиԥарақәа иҭахаз асолдатцәа зегьы рыхьӡ акамыршәра шрылшо, ранацәа шырыхьчало, аибашьра аинвалидцәа зегьы ҳаҭырла ишрызныҟәало.  Ҳара ҳфырхацәа ирыбзоураны ҳабацәеи ҳабдуцәеи ашәышықәсақәа рыбжьара иззықәԥоз ахьыԥшымра ҳауит. Аԥсны аҭоурых адаҟьақа зыхьӡқәа хьтәы нбанла ианыло ҳфырхацәа иашақәа ргәалашәара наунагӡа ҳгәаҵаҿы иаанхоит! Хатәгәаԥхарала аԥсуаа ирывагыланы еибашьуаз ранацәа, хабарда ибжьаӡыз ранацәа, зԥазаҵәқәа ҭахаз анацәа рҿаԥхьа ҳхырхәоит».

Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба «ари абаҟа ҳара уажәԥхьагьы иааҳартыр акәын» ҳәа иазгәеиҭеит.

«Ешыра ақыҭауаа ирхыргаз  акыр ирацәоуп. Урҭ рыхьӡқәа хьтәы нбанла Аԥсны аҭоурых адаҟьақәа ирнылоит», -ҳәа иҳәеит Бадра Гәынба.

Аибашьра иадҳәалоу ахҭысқәа ргаладыршәеит аибашьра аветеранцәа, Аԥсны Афырхацәа Виктор Тәанбеи Фазлыбеи Аҩӡбеи.  


Read 169 times - Аԥшьаша, 28 Цәыббра 2023 16:41
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.