АЖӘАБЖЬҚӘА

27.Цәыббра.2023

Ашәба Лаша Аԥсны жәлар Аҟәа ахақәиҭтәра 30 шықәса ахыҵра амш рыдиныҳәалеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа, Аԥсны жәлар ирыдиныҳәалеит Аҟәа ахақәиҭтәра 30 шықәса ахыҵра амш.

 

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

 

«Акыр иаҳзаԥсоу 1992–1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа!

Ҳаҭыр зқәу аҟәаа!

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала шәаргьы, Аԥсны жәлар зегьы схы шәықәкны ишәыдысныҳәаларц сҭахуп ҳаҳҭнықалақь Аҟәа ақырҭуа агрессор дықәцаны ахақәиҭтәра 30 шықәса ахыҵра амш! 

1993 шықәса цәыббрамза 27 – аҵак ду змоу, ахааназ ҳҭоурых ианылаз рыцхәуп. Абри амш аҽны ҳара иаҳгәалаҳаршәоит 1992–1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз иаадырыԥшыз афырхаҵара атәы. Ҷыдала иазгәаҳҭоит урҭ ргәымшәареи рхачҳареи. Хьааны иҳацуп есқьынгьы ҳаԥсадгьыл ахьчара зхы ақәызҵаз зегьы.

Аҟәа ауааԥсыра ирхашҭӡом ҳаҳтнықалақь ахақәиҭтәраан иҭахаз ҳфырхацәа, иахьа ҿыц игыло абиԥарақәа ирымардоит рықалақь гәакьа ашҟа абзиабара.

Абри аныҳәамш азы зегьы ирзеиӷьасшьоит аҭынчра, аихьӡарақәа дасу инапы злаикуа аусқәа рыҟны, ҩнаҭацыԥхьаӡа аизҳазыӷьара агымзааит!»

 

 

 


Read 123 times - Аԥшьаша, 28 Цәыббра 2023 08:30
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.