АЖӘАБЖЬҚӘА

11.Цәыббра.2023

Алеқсандр Анқәаб атәыла агәыҳалалратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа дырԥылеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 11, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб ареспублика аҿы аус зуа, аҭаацәа рхылаԥшрада иаанхаз, иуадаҩу аԥсҭазааратә ҭагылазаашьа иҭагылоу ахәыҷқәеи ахбыџқәеи ацхыраареи адгылареи рызҭо ауаажәларратә агәыҳалалратә еиҿкаарақәа – Аԥсны Ахәыҷтәы фонд «Панорама», «Киараз» рхаҭарнакцәа дырԥылеит.

Аԥсны Ахәыҷтәы фонд анапхгаҩы Асида Ломиа инапхгаратәы аиҿкаарақәа зегьы еицҿакны зҭаацәа иахәҭам аԥсҭазаашьа змоу, мамзаргьы абахҭа иҭаку, мамзаргьы аҭаацәаратә зин зымху, иара убас зҭаацәа аԥсҭазаара иалҵхьоу ахәыҷқәеи ахбыџқәеи рҭагылазаашьа азы агәҭынчымра шаадырԥшуа азгәалҭеит.  

Аиԥылара иалахәыз ргәаанагарала, апроблемақәа аиҳарак ауаажәлррак еиҿкаарақәа, асоциалтә маҵзурақәеи аҵарадырра аусбарҭақәеи русеицура иахәҭоу аҩаӡӡараҿы иахьыҟам ауп изыхҟьо. Иара убас, ареспублика аҿы хыхь иарбоу акатегориақәа ирыҵанакуа ахәыҷқәа ахылаԥшра рызҭо иҷыдоу аҳәынҭқарратә усбарҭа ыҟаӡам.

Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб  инапхгаратәым ахәыҷтәы аиҿкаарақәа  ишьақәгылаз аҭагылазаашьақәа рзы ирымоу агәҭынчымра рыцеиҩишоит ҳәа иазгәеиҭеит. Алеқсандр Анқәаб игәаангарала иҟоу аҭагылазаашьа аиҳарак изыруадаҩуа азакәанԥҵараҿы иҟоу азинтә бжьахақәеи, иара убас аҭаацәа рхылаԥшрада иаанхаз ахәыҷқәа  аус рыдулара иазку аспециалистцәа рыҟамзаареи ауп.

Аԥыза-министр ахәыҷтәы уаажәларратә еиҿкаарақәа ахықәкытә аамҭабжьакӡаратә антикризстә центр аԥҵареи, анаҩс есымша аус зуа аҷыдалкаатә усбарҭа аԥҵареи рзы раԥшьгара дадгылеит.  

Аиԥылара иалахәыз ишьҭыхыз азҵаарақәа рыла анаҩстәи ауснагӡатәқәа рымҩԥгаразы ажәалагалақәа еиқәыршәны атәыла Анапхгарахь анашьҭреи рзы еиқәшаҳаҭхеит.


Read 181 times - Ашәахьа, 18 Цәыббра 2023 17:18
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.