АЖӘАБЖЬҚӘА

31.Ԥхынгәы.2023

Апроект «Афершалтә-ԥҳәысеилыргаратә пунктқәа адгылара рыҭаразы акураторра асистемақәа» иалацәажәеит агәабзиарахьчара Аминистрра аҿы.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ареабилитологцәа Рассоциациа аԥшьгарала, агәабзиарахьчара Аминистрра аҿы уаанӡа «Ани ахшаареи ргәабзиара ахьчара» апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны зынагӡара мҩаԥысуаз  апроект «Афершалтә-ԥҳәысеилыргаратә пунктқәа адгылара рыҭаразы акураторра  асистемақәа» анагӡара аиҭалагара азы алшарақәа ирылацәажәеит.

Аиԥылара мҩаԥысит атәыла агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба ихантәаҩрала. Уи рхы аладырхәит Асоциациа «Инва-Содействие» анапхгаҩы Алхас Тхагәышев, Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Мактина Џьынџьалԥҳа, асоциалтә программақәа «World Vision» рзы аменеџьер Рита Басариа, иара убас актәи амедицина-санитартә цхыраара азҵаарақәа рзы аԥшьгаратә гәыԥ алахәыла  Валериа Џьынџьалԥҳа.

Аиԥылара аҿы аминистр ажьырныҳәамза, 2023 шықәсазы акоронавирусттә ҿкы чымазара уахь иналаҵаны, егьырҭ амзызсқәак рыла аамҭала иаанкылаз  иарбоу апроект анагӡара аиҭалагара иаҵоу аҵакы, уи ахықәкызаара атәы изеиҭарҳәеит.

Апрограмма «Ани ахшаареи ргәабзиара ахьчара» афинанстәра азы атәыла агәабзиарахьара Аминистрра шықәсык ахь иазоунажьуан 2 млн. мааҭ. Уи ахықәкы хадақәа ируакын аԥхьатәи аетап иаҵанакуа амедиаҳәшьцәа рзанааҭтә дыррақәеи рылшарақәеи рыҩаӡара ашьҭыхра, иара убас ауааԥсыра анреи ахәыҷреи ирыдҳәалоу азҵаарақәа рзы рдыррақәеи згәы бзиоу ахәыҷыԥшқақәа реиԥш згәы рахәым ахәыҷқәагьы рхылаԥшреи рааӡареи  рзы адыррақәа рыларҵәара. Убри аан «Афершалтә-ԥҳәысеилыргаратә пунктқәа адгылара рыҭаразы акураторра  асистема» Аԥсны араионқәа зегьы рҿы аус ауан.   

Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба ҳреспублика ауааԥсыра, аиҳарак ахәыҷқәа ирыхәаша апроектқәа агәабзиарахьчара аусхкы  аҿы рынагӡара есымша дшадгыло инаҵшьны иазгәеиҭеит.  

Агәабзиарахьчара Ахылаԥшырҭа хада анапхгаҩы инаҵшьны иазгәеиҭеит ари азҵаара ҷыдала ахшыҩзышьҭра  шаҭахо, иарбоу апрограмма ҵабыргны акоронавирусттә ҿкы чымазара алаҵәара ҟалаанӡа аус шауаз еиԥш аеффективла аусура иалагар, уи ахымԥадатәра шьақәырӷәӷәахар, жәаҳәарада атәыла агәабзиарахьчара Аминистрра иарбоу апограмма афинанстәра  иааиуа ашықәс азы абиуџьет апроект алагалара ишалацәажәо инаҵшьны иазгәеиҭеит.

 


Read 242 times - Ашәахьа, 31 Ԥхынгәы 2023 18:22
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.