Аҟәа. Ԥхынгәымза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада абарҭ амшқәа рзы Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика аҳҭнықалақь аҟны Нальчик имҩаԥысуа Жәларбжьаратәи аҿартә туристтә-патриоттә форум «Иаку Кавказ» алахәцәа аԥсшәа реиҳәеит.
Аҳәынҭқарра Ахада иқәгылараҟны иҳәеит:
«Абзиара шәымаз Жәларбжьаратәи аҿартә туристтә-патриоттә форум «Иаку Кавказ» аиҿкааҩцәагьы алахәцәагьы!
Аԥсны Аҳәынҭқарра анапхгареи ажәлари рыхьӡала гәык-ԥсык ала иҭабуп ҳәа иасҳәоит Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика Ахада Казбек Валери-иԥа Коков исиҭаз ааԥхьареи хра злоу ари аусмҩаԥгатә аҽалархәразы исиҭаз алшареи рзы.
Жәларбжьаратәи афорум «Иаку Кавказ» – усмҩаԥгатә бзиоуп, раԥхьа иргыланы, аҿартә политика аусхк аҟны аусеицуреи аԥшьгарақәа реимдареи рзы. Избан акәзар уи ииашаны анагӡара аҿиареи, аԥсадгьыл абзиабареи, агәыла аиашьара изуреи рус аҟны зҳәоу еиқәшәо Кавказ уаҵәтәи ахаҿра ҳәаақәнаҵоит.
Абри аганахьала, аҵак ду змоу уснагӡатәны ҳҿаԥхьа иқәгылоуп амилаҭбжьаратәи адинхаҵарабжьаратәи еинырра арӷәӷәареи Кавказ ажәларқәа ракреи ирызку аконцепциақәа разырхиара. Аԥсны ахаангьы ус иҟан, иахьагьы хәарҭара злоу, акрызҵазкуа аԥшьгарақәа рынагӡараҟны аиашьара ҳзызуа Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика гәыцԥыҳәарала аус ацура иазхиоуп.
Иара убас ҳара аҵак ду аҳҭоит атуризми асасдкылара аиндустриеи рырҿиараҟны аҿар рроль ахцәажәара. Аԥсны Аҳәынҭқарра аҿиаразы атуризм ихадароу хырхарҭоуп ҳәа иԥхьаӡаны, аԥышәеимдареи азеиԥш аԥшьгарақәа раԥҵареи иазхиоуп ари афорум аҟнеиԥш, иҵегьы инарҭбааны ¬арегионбжьаратәии жәларбжьаратәии аусеицура аҩныҵҟагьы.
Аҿар – ҳажәларқәа ԥеиԥшс изларымо ала, атуризм аҿиараҟны урҭ рлагаламҭа аихьӡарақәеи аизҳазыӷьареи ирызҳәоуп.
Афорум «Иаку Кавказ» иалахәу зегьы ирзеиӷьасшьоит лыҵшәа змоу аусура, ихырҳагоу аима-аиҿак, иазгәаҭоу ауснагӡатәқәа рынагӡараҟны агәацԥыҳәара.
Шәыгәҭакқәа шәрыхьӡааит, аиашьара зыбжьоу ҳреспубликақәа реимадара ԥымкра ақәзааит!».