АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Ԥхынгәы.2023

«Аелектронтә шәаратә хархәагақәа рхархәарала амилаҭтә шәаратә система азы» азакәан аиҭакрақәа ралагалара азы аӡбамҭа рыдыркылеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа «Аелектронтә шәаратә хархәагақәа рхархәарала амилаҭтә шәаратә система азы» азакәан аиҭакрақәа ралагалара азы аӡбамҭа рыдыркылеит.

Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит абиуџьети акредиттә еиҿкаарақәеи ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь.

Ари азакәан апроект Амилаҭтә шәаратә Система ишахәҭоу ала аиҿкаара хықәкыс иҟаҵаны Аԥсны Абанк ала еиқәыршәоуп.  Ари азакәан апроект АԤРА аԥҵаҩы аҳасабала Аԥсны Абанк Амилаҭтә шәаратә Система аԥҟарақәа реиқәыршәареи рышьақәырӷәӷәареи  рзы аҷыдалкатә зин шьақәнарӷәӷәоит.

«Иарбоу азакәан апроект ала «абанктә шәаратә агент» ҳәа аилкаара алагалахоит, иара убас акредиттә еиҿкаарақәа хазы игоу абанктә операциақәа рымҩаԥгара азы, даҽакала иуҳәозар, хазхаҭалатәи ахаҿқәа рнапынҵақәа рыла абанктә ԥхьаӡарақәа раартрада аԥаратә хархәагақәа рыиагара амҩаԥгара азы абанктә шәаратә агентқәа радыԥхьалара. Абанктә шәаратә агент АԤРА алахылас дыҟаӡам», - ҳәа иҳәеит Беслан Ҳалуашь.


Read 229 times - Ахаша, 05 Ԥхынгәы 2023 22:58
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.