АЖӘАБЖЬҚӘА

29.Рашәара.2023

52-шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит кавказҭҵааҩы Алеқсандр Скаков.

Аҟәа. Рашәарамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 52-шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит урыстәылатәи аҭоурыхдырҩы, археолог, кавказҭҵааҩы, Аԥсны зҽаԥсазтәыз анаука аусзуҩ, Урыстәыла кавказҭҵааҩцәа Рнаукатә Еилазаара алахәыла Алеқсандр Иури-иԥа Скаков, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи.  

А. Иу. Скаков инаукатә интересқәа ируакын: ихьшәоу аџьазтә епоха иаҵанакуа Кавказ археологиа – заанаҵтәи аихатә, кобантәи акультура, колӷьҭатәи акультура, Кавказ ажәларқәа ижәытәӡоу ркультура.

Арҭ атемақәа рыла аҵарауаҩ иҩхьан 200 инареиҳаны анаукатә статиақәа. А. Иу. Скаков 100 инареиҳаны инаукатә статиақәа Кавказ ҳаамҭазтәи аҭоурых иазкын.   

Иара иакымкәа-иҩбамкәа ашәҟәқәа, хыԥхьаӡара рацәала анаука-популиартә статиақәеи аинтервиуқәеи, акультурологиа азы аусумҭақәеи дравторуп.

Уи ҷыдала илагала дууп аԥснытәи археологиа аҿиара аус аҿы. Аҵарауаҩ Гәдоуҭатәи, Ҭҟәарчалтәи, Очамчыратәи, уҳәа Аԥсны  араионқәа рҿы  аԥсны-урыстәыалатәи аекспедициақәа  жәпакы   (Џьанҭыхәтәи ажәытә нышәынҭрақәа, заатәи антикатә епоха иаҵанакуа аиланхарҭа Гиуенос) ихы алаирхәхьан.

Алеқсандр Иури-иԥа иара убас Урыстәыла Анаукақәа Ракадемиа Археологиа Аинститут Шәачатәи археологиатә експедициа аилазаараҿы Кәыдрытәи аҩхаа аҵакыраҿы археологиатә усурақәа изныкымкәа ихы рылаирхәхьан.     Иара убас Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика, Краснодартәи атәылаҿацә, Нхыҵ Уаԥстәыла–Аланиа, Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика, уҳәа Урыстәылатәи Афедерациа егьырҭ арегионқәа рҿы археологиатә усурақәа ихы рылаирхәуан.  

«Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи уи адиректор  А. И. Џьопуеи аус рыцура ашықәсқәа ирылагӡаны, аметалл, акерамика, ахаҳә иалху шәкыла археологиатә маҭәарқәа  анаукатә еикәыршара иалагалан. 2015 шықәсазы хырҳагара злоу иусуразы А. И Скаков Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз аусзуҩ ҳәа ахьӡ ианашьахеит. 2020 шықәса инаркны Урыстәыла Анаукақәа Ракадемиа мрагылараҭҵаара Аинститут адиректор ихаҭыԥуаҩыс аус иуан.  

Алеқсандр Иури-иԥа иус дазҟазан, Аԥсны аҩыза иашаны дыҟан», – ҳәа иазгәаҭоуп Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аколлектив адырраҭара аҿы.

Амузеи аколлективи анапхгараҭареи зыԥҭазаара иалҵыз иуацәеи иҭынхацәеи гәалсра дула ирыдышшылоит.

«Ас еиԥш ауаҩы лаша иԥсҭазаара алҵра ҳара зегьы ҳзы хьаа дуны ҳгәаҵанӡа инеиз цәыӡ дууп.


Read 407 times - Аԥшьаша, 29 Рашәара 2023 18:28
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.