АЖӘАБЖЬҚӘА

21.Рашәара.2023

Аԥсны-урыстәылатәи апарламентбжьаратәи аусеицура иазку актуалра злоу азҵаарақәа ирылацәажәеит Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума аҿы.

Аҟәа. Рашәарамза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума аҿы Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәбеи Аҳәынҭқарратә Дума ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Пиотр Толстои Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара аусқәеи евразиатәи аинтеграциеи аидгьылуаа рымадареи рзы Аҳәынҭқарратә Дума Аилак ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Казбек Таисаеви реиԥылара мҩаԥысит. Аиԥылара иара убас лхы алалырхәит Урыстәылатәи Афедерациа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ-абжьгаҩ Мадина Аҩӡба.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Жәлар Реизара-Апарламент аофициалтә саит иҟанаҵо адыррақәа рыла, аиԥылара аҿы апарламентбжьаратә усеицура иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа рзы ргәаанагарақәа еибырҳәеит.

Ахәҭакахьала, аԥсуа ган Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра апроцедура армариара атема иазааҭгылеит. Убри инамаданы аԥсны-урыстәылатәи аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра ирыдҳәалоу азҵаарақәа рыӡбараҿы аусеицура азы 2022 шықәсазы иаԥҵаз аԥсны-урыстәылатәи апарламентбжьаратәи аусуратә гәыԥ аусура аинтенсификациа иаҵоу аҵакы ахадара алкаан, иара убас иарбоу ахырхарҭала аусеицура активла ахалархәра ишазхиоу  азгәаҭан.

Адепутатцәа иара убас, Аԥсны азакәанԥҵареи Урыстәылатәи Афедерациа азакәанԥҵареи реишьашәалара иадҳәалоу азҵаарақәа уахь иналаҵаны, иҟоу аҩганктәи аиқәшаҳаҭра-зинтә база аҿиара иазкны апарламенттә усеицура азҵаарақәагьы ирзааҭгылеит.   

Аиԥылара иалахәыз иара убас ишьҭыхыз азҵаарақәа ашьақәгылара иаҿу Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламенти Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Думеи рыбжьара  аусеицуразы Апарламентбжьаратәи Акомиссиа аусура амшхәаԥштә алагалара ишадгыло азгәарҭеит.

 

 


Read 248 times - Ахаша, 21 Рашәара 2023 21:44
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.